https://sputnik-abkhazia.info/20210809/Aslan-Bzhania-Aakhy-Uastyla-ofitsialla-iazaara-khyrkshakheit-1033004114.html
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла официалла иҟазаара хыркәшахеит
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла официалла иҟазаара хыркәшахеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟан 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз... 09.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-09T12:49+0300
2021-08-09T12:49+0300
2021-08-09T13:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/09/1033003701_0:71:2600:1541_1920x0_80_0_0_934a12228ee33a5df6bc0bf09f1725e8.jpg
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Иахьа ихыркәшахеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара.Аслан Бжьаниеи зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациеи Цхьынвал иаҭааны иҟан, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.Нанҳәа 7 азы Бжьаниа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Цхьынвалтәи ахәбатәи абжьаратә школ ашҭаҿ иҟоу амемориал амҵан. Анаҩс имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бабилови реиԥылара.Бжаниеи Бибилови наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, аекономикатә еиныррақәагьы убрахь иналаҵаны. Агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.Нанҳәа 8 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазкны Цхьынвал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.Аслан Бжьаниа Цхьынвал ауснагӡатә аҿы иҳәеит Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра шрыдыркылаз:"Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа агрессиак аҳасаб ала ирыдыркылеит", - иҳәеит иара.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит нанҳәа 9 азы.Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара. Бжьаниа иара убасгьы дырԥылеит ара иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылараБжьаниа: Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/09/1033003701_0:0:2600:1634_1920x0_80_0_0_55776f808bc07ad21906c2df18736b43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла официалла иҟазаара хыркәшахеит
12:49 09.08.2021 (ирҿыцуп: 13:27 09.08.2021) Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟан 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазкны Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы. Амҩан, Беслантәи арыцҳара иалаӡыз ргәаларшәаразы днеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Иахьа ихыркәшахеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара.
Аслан Бжьаниеи зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациеи Цхьынвал иаҭааны иҟан, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Нанҳәа 7 азы Бжьаниа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Цхьынвалтәи ахәбатәи абжьаратә школ ашҭаҿ иҟоу амемориал амҵан. Анаҩс имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бабилови реиԥылара.
Бжаниеи Бибилови наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, аекономикатә еиныррақәагьы убрахь иналаҵаны. Агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.
"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит еишьцәак реиԥш шәахьаҳзыҟоу", - иҳәеит Аслан Бжьаниа аиԥылараан.
Нанҳәа 8 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ауааԥсыра ргәалашәара иазкны Цхьынвал имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аслан Бжьаниа Цхьынвал ауснагӡатә аҿы иҳәеит Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра шрыдыркылаз:
"Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа агрессиак аҳасаб ала ирыдыркылеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит нанҳәа 9 азы.
Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара. Бжьаниа иара убасгьы дырԥылеит ара иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: