Еицырдыруа абрендқәа рымаҭәа апартиа ԥаршеи Аԥсныҟа иаармышьҭит

© Foto / Пресс-секретарь службы по г. Сочи Краснодарской таможни Незаконная перевозка одежды
Незаконная перевозка одежды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы иаанкылан закәаншьаҭада ареспубликахь иаларгалоз аконтрафакттә маҭәа.
АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. 360 кьыла рҟынӡа адекларациа змамыз амаҭәа, еицырдыруа абрендқәа иртәызшәа Урыстәылантә Аԥсныҟа алагалара рыгәҭакын. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.
© Foto / Пресс-секретарь службы по г. Сочи Краснодарской таможниАԥсныҟа иаармышьҭыз абрендқәа рымаҭәа апартиа ԥаршеи
Незаконная перевозка одежды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсныҟа иаармышьҭыз абрендқәа рымаҭәа апартиа ԥаршеи
Атауар мҩаныргон аидарашьҭыхга машьына "Мерседес Бенц" ала. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳазалхыҩцәа идырбан атауар амҩангага документқәа, зыҟны хә-тоннак ахш рҩа арбаз. Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ала агәаҭареи анаҩстәи аҭҵаарақәеи амашьынаҿ иаарԥшын аполиетилен иалху асакьқәа ааба. Асакь амаҭәа ҭан: аиқәақәа, аиқәакьаҿқәа, аҽыкәабага маҭәақәа уҳәа 189 хкы. Адекларациа зызумыз атауар акапан 366,5 кьыла иҟан.
Абас ала, аҳазалхыҩцәа ирыдгалан ииашамыз адыррақәа. Уи адагьы амаҭәа аиҳарак абрендқәа "Puma","Adidas", "Nike" ртауартә дыргақәа рықәгылан.  Арахь аалыҵ ахаҭабзиара акыр илаҟәын.
© Foto / Пресс-секретарь службы по г. Сочи КраснодарскойАԥсныҟа иаармышьҭыз абрендқәа рымаҭәа апартиа ԥаршеи
Незаконная перевозка одежды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥсныҟа иаармышьҭыз абрендқәа рымаҭәа апартиа ԥаршеи
Аҳазалхыҩцәа атауар адырга ахатәтәыҩцәа рзин еилагоуп ҳәа агәҩара ҟаҵаны ирзырышьҭит. Ироуз аҭак аҿы иарбоуп адыргақәа закәанымкәа иақәыргылоуп ҳәа. Аалыҵ контрафактны иԥхьаӡан азауад аҿы иақәдыргыло ахьчага иарлыкқәа ахьыҟамыз, аформақәеи аԥшшәқәеи официалла ишьақәырӷәӷәоу адизаин-макетқәа иахьреиԥшмыз азы.
Иаԥырҟәҟәаау аԥхасҭа ахәԥса 670 000 мааҭ инаӡоит. Азинеилагаҩ иганахьала административтә еилагараз азакәан ахәҭаҷ 16.2 ахәҭа 1 алеи административтә еилагараз азакәан ахәҭаҷ 14.10 алеи аусҭҵаара хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0