Очамчыра араион хә-қыҭак ааха роуит амшцәгьа иахҟьаны

© Foto / МЧС РАЗатопленное село в Очамчырском районе
Затопленное село в Очамчырском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15-16 азы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны ааха роуит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа.
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Очамчыра араион хә-қыҭак ааха роуит амшцәгьа иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Беслан Бигәаа.
"Ақалақь ахаҭа аԥхасҭа амоуит. Ааха роуит ақыҭақәа Тамшь, Џьгьарда, Џьал, Кәтол, Аӡҩыбжьа", - иҳәеит Бигәаа.
Џьгьарда ақыҭан ҩымчыбжь раԥхьа абӷанҷ зқәырԥсаз амҩа ахәҭаки ацҳаи аӡы иагеит.
Амҩаду Кындыӷ-Тамшь уажәы арыцқьара иаҿуп.
Очамчыра ахада иҳәеит аԥхасҭа иҟоу макьана ахәшьара шаҭам. Уажәы араионтә маҵзурақәеи АҶА  аусзуҩцәеи  амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥыхраз аусурақәа ирҿуп.
Нанҳәа 15-16 азы иҟаз амшцәгьа иахҟьаны  ааха роуит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0