Аҟәа аӡы илагылоуп: аҳҭнықалақь аҟны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа

Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақәыршҩы иахҟьаны Аԥсны аҳҭнықалақьи араионқәеи рҟны аӡхыҵрақәа ҟалеит, ауаа рыҩнқәа аӡы рыҩналеит, аԥхасҭа роуеит афымцатә цәаҳәақәеи ашьаҟақәеи.
Нанҳәа 15-16 руыха Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны метраки бжаки рҟынӡа Басла шьҭыҵит. Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Бегәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рыкәша-мыкәшеи.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа ахыргеит.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз азы.
Ԥхынгәы 4 азы иҟаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукНанҳәа 15-16 руыха ақәаршҩы леит Аҟәа
Нанҳәа 15-16 руыха ақәаршҩы леит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/12
Нанҳәа 15-16 руыха ақәаршҩы леит Аҟәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАхатә ҩнқәа аӡы рыҵалеит
Ахатә ҩнқәа аӡы рыҵалеит - Sputnik Аҧсны
2/12
Ахатә ҩнқәа аӡы рыҵалеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩадуқәа аӡи аҳәынҵәеи рнуп
Амҩадуқәа аӡи аҳәынҵәеи рнуп - Sputnik Аҧсны
3/12
Амҩадуқәа аӡи аҳәынҵәеи рнуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАқәаршҩы иахҟьаны аӡқәа метраки бжаки ишьҭыҵит
Ақәаршҩы иахҟьаны аӡқәа метраки бжаки ишьҭыҵит - Sputnik Аҧсны
4/12
Ақәаршҩы иахҟьаны аӡқәа метраки бжаки ишьҭыҵит
© Sputnik / Томас ТхайцукАхатә ҩнқәеи, аҩнеихагылақәеи рааигәа-сигәа арыцқьарақәа ирҿуп
Ахатә ҩнқәеи, аҩнеихагылақәеи рааигәа-сигәа арыцқьарақәа ирҿуп - Sputnik Аҧсны
5/12
Ахатә ҩнқәеи, аҩнеихагылақәеи рааигәа-сигәа арыцқьарақәа ирҿуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАдәқьанқәа аӡы рыҩналеит.
Адәқьанқәа аӡы рыҩналеит. - Sputnik Аҧсны
6/12
Адәқьанқәа аӡы рыҩналеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукТурбаза иҟоу аптекақәа руак иаиуз аԥхасҭа амҽхак макьана еилкаам
Турбаза иҟоу аптекақәа руак иаиуз аԥхасҭа амҽхак макьана еилкаам - Sputnik Аҧсны
7/12
Турбаза иҟоу аптекақәа руак иаиуз аԥхасҭа амҽхак макьана еилкаам
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иара убасгьы иадыԥхьалан Гәдоуҭа, Очамчыра, Агәӡера рҟынтәи аиқәырхаҩцәа
Аҟәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иара убасгьы иадыԥхьалан Гәдоуҭа, Очамчыра, Агәӡера рҟынтәи аиқәырхаҩцәа - Sputnik Аҧсны
8/12
Аҟәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иара убасгьы иадыԥхьалан Гәдоуҭа, Очамчыра, Агәӡера рҟынтәи аиқәырхаҩцәа
© Sputnik / Томас ТхайцукИааидкыланы аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа 40-ҩыки атехника ҷыда 7 аки аус руан
Иааидкыланы аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа 40-ҩыки атехника ҷыда 7 аки аус руан - Sputnik Аҧсны
9/12
Иааидкыланы аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа 40-ҩыки атехника ҷыда 7 аки аус руан
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥша иканажьит аӡыргаратә ҭыӡқәа
Аԥша иканажьит аӡыргаратә ҭыӡқәа - Sputnik Аҧсны
10/12
Аԥша иканажьит аӡыргаратә ҭыӡқәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиаа, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рраиони
Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиаа, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рраиони - Sputnik Аҧсны
11/12
Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиаа, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рраиони
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи. - Sputnik Аҧсны
12/12
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0