Веревкин иҳаԥы аҟынтәи иҭахаз аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ ҭыргеит

CC0 / / Веревки
Веревки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аспелеологцәа нанҳәа 3 азы Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра аҵаулараҿ, аамҭақәак рышьҭахь еилкаахеит 2020 шықәса абҵара 1 азы хабарда ибжьаӡыз , Шәача инхо Сергеи Казеев шиакәыз.
АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Веревкин иҳаԥы аҿы иҭахаз атурист иԥсыбаҩ харгалеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла аспелеологцәа Реидгыла анапхгара алахәыла Евгени Снетков.
"Иахьа Аԥсны АҶА амашьына ГАЗ-66 аауеит аусҭҵааҩцәа ацны. Аҳаԥы аҟынтәи аԥсыбаҩ аԥсышьҭаҵарҭахь иргоит. Иуацәа аауеит, аԥсыбаҩ Шәачаҟа иаргоит", - иҳәеит иара.
Снетков иажәақәа рыла арҭ рҩызцәа ахҭысқәа уаҳа иҟамларц азы иалшо зегь ҟаҵатәуп.
"Ауаа еилыркаалароуп аҳаԥы аҭалара заҟа ишәарҭоу. Аԥсны ирацәоуп иҵауылоу, иоуу, ӡыла иҭәу аҳаԥқәа. Иарбан ҳаԥызаалак ақәа анаулак ишәарҭахоит, зҿеизызго аҩарқәа ӡмыжьхар ҟалоит. Издыруеит ирацәаҩны зхала, иазыҟаҵамкәа аҳаԥқәа ирҭало шыҟоу", - иҳәеит Евгени Снетков.
Аспелеологцәа ибзианы иҭырҵаахьоу аҳаԥқәагьы ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи рзы ишәарҭахар ҟалоит ҳәа азиҵԥхьаӡоит аҳаԥҭҵааҩы.
"Имариоу ҳаԥы ыҟаӡам, иҭҵаау аҳаԥгьы маӡак аҵазар ҟалоит. Аԥышәа змам ашәарҭара ахьыҟоу имбар ҟалоит", - иҳәоит иара.
Иара убас иазгәеиҭеит, аицҽазыҟаҵарақәа рзы Аԥсны АҶА аус ацура шахәҭоу.
"Ҳара аиқәырхараз атехника бзиеи ахархәагақәеи ҳамоуп. Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниеи сареи ҳаицәажәеит, ашәарҭарақәа раан аусеицымҩаԥгаразы", - иҳәеит Евгени Снетков.
Ткуарчалские водопады - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Вериовкин иҳаԥаҿы иԥсыз ихаҭара шьақәыргылоуп
Урыстәылатәи аспелеологцәа нанҳәа 3 азы Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра аҵаулараҿ, аамҭақәак рышьҭахь еилкаахеит 2020 шықәса абҵара 1 азы хабарда ибжьаӡыз , Шәача инхо Сергеи Казеев шиакәыз.
Вериовкин иҳаԥаҿы иҭахаз урыстәылатәи атурист ихаҭара шьақәыргылоуп аԥшааратә еиҿкаара "Лиза Алерт" ахь иҟаҵаз аҳәарала. Дара адырратә базақәа рыла аԥшаара мҩаԥыргеит. Ихаҭара аилкаара иацхрааит аспелеологцәа ителефон ахьхаргалаз. Ателефон аҿы ианыз ифотосахьақәеи изышьҭаз ауаҩы ифотосахьақәеи еиқәшәеит.
Иҟоуп агәаанагара атурист даҿҟьаны ашаха дахәит ҳәа, мамзаргьы иуадаҩыз аҭыԥ дзахымскәа данынха ахьҭа дакны дыԥсит ҳәа, избанзар аҳаԥаҿы аӡы хьшәашәа леиуеит, аҳаԥы аҩнуҵаҟа 3-4 градус роуп иахьԥхарроу.
Аԥсны иҟоу Вериовкин иҳаԥы адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. 2018 шықәсазы урыстәылатәи аспелеологцәа 2212 метра илбааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0