Ҩаԥхьа ацхырааразы иааз: Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зеиԥшроу

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны иаадыртит. Агоспиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 17 азы, игылоуп апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы.
Агоспиталь ареспубликахь ҩынтәуп иаауеижьҭеи. Уаанӡа, 2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкырамзанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь Аԥсны ахәшәтәреи аконсультациақәеи ирыхнажьит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. Агоспиталь алабораториақәа рҿы 18 нызқь ҭҵаара мҩаԥган.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Агоспиталь ахархәагақәа

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Буденновскынтә 800 километра иахысны иааит. Нанҳәа 18 азы аҭыԥ аҿы ақәыргыларақәа мҩаԥганы асааҭ 18:00 рзы актәи апациентцәа рыдкылара аҽазнархиоит.
Агоспиталь ҳаамҭа иақәшәо амаругақәеи ахархәагақәеи рыла еибыҭоуп. Иҟоуп иахәҭоу ахәшәқәа. Адәаҿы еиҿкаахоит адкыларҭатә ҭыԥ, алабораториа, УЗИ акабинеҭ, арентген-кабинеҭ.
Амобилтә госпиталь иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа 11, апациентцәа интенсивла рхылаԥшра алзыршо амониторқәа, ашьа анализаторқәа амоуп.
Зынӡа иара 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар аҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит. 100 ҭыԥк рҟынтәи 46 ҭыԥ аҵәыҵәри ала еиқәыршәоуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи. Агоспиталь аусзуҩцәа апансионат иацәыхарамкәа Аҳәынҭқарратә дачаҿ иԥхьалоит.
"Ачымазцәа рзы иалшо зегь ҟаҳҵалоит. Сгәы иаанагоит ҳаицхырааны ачымазара ҳаиааип ҳәа. Иахьынӡахәҭахо ҳаҟазаауеит. Зегь зыдҳәалахо ачымазара ахымҩаԥгашьоуп", - ҳәа иҳәеит агоспиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедов.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵо ацхырааразы, иазгәеиҭеит аԥсуа ган иалшо ала адгылара шыҟанаҵо.
Магомедов иҳәеит "Аԥсны инхо рҩызцәа ауааԥсыра сара исымбацт" ҳәа, иагьациҵеит амедперсонал рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа шаԥҵоу.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Арратә госпиталь амедусзуҩцәа апациентцәа рыдкылара иалагоит нанҳәа 19 рзы
"Аԥсныҟа иааз аперсонал аԥышәа бзиа рымоуп. Азыҟаҵарақәа ирхыжьын Санкт-Петербурги Москвеи. Уахи-ҽни ачымазцәа ирыдгылар рылшоит, ацхыраара ҟаҵо", - ҳәа иҳәеит иара.

Азона ҷыда

Ҵыԥх аиԥш сынтәагьы агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоуп атуристтә сезон иахьмырԥшыкәа. Арадио Sputnik аинтервиу аҭо, апансионат адиректор Ҭемыр Адлеиба иҳәеит апансионат асасцәа агоспиталь ишадҳәаламхо. Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны зыԥсы зшьо асасцәеи амобилтә госпиталь аҳақьымцәеи хаз-хазы иҟазаауеит, уи азы аанда ҟаҵоуп. Иара убас амобилтә машьынақәеи, атехника ҷыдеи аргыларҭазы хаз игоу амҩа азылхуп. Уи адагьы, амедусзуҩцәа рзы хаз игоу афатәҟаҵарҭеи амаҭәаӡәӡәарҭеи еиҿкаауп.
Астационартә чымазцәа ахԥатәи акорпус аҿы иҟалоит. Уа инхоз атуристцәа егьырҭ акорпусқәа рахь ииагоуп.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит агоспиталь аиҳабыреи иареи еиҳа инарҭбааны апациентцәа рмаршруттә схема шышьақәдыргыло.
Ажәабжьқәа зегьы
0