Аҟәа дааныркылеит аметадон аҵәахырҭақәа рҿы ишьҭазҵоз ахаҵа

© Sputnik Автомобиль милиции
Автомобиль милиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Анапаҵаҩра
Аметадон ашьҭаҵаҩ имхыз амаҭәашьар азеиԥш капан 16 грамм иҟан. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусҭҵааратә усбарҭа.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥсны ААР анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа  дааныркылеит 1999 шықәса рзы ииз Карим Саидов анаркотикатә маҭәашьарқәа рылаирҵәоит ҳәа агәызҩара рыманы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа аамҭала аҳҭнықалақь аҿы дынхоит. Игәаҭара амҩаԥгараан идбалан 12 еилаҳәара, аҽа ҩ-еилаҳәарак ԥшаан Саидов идирбаз аҭыԥқәа рҿы.
Дахьынхоз аҭыԥ аҿы имаҭәақәа ирыланы иаарԥшын 26 еилаҳәара.
Имҩаԥгаз аекспертиза инақәыршәаны ишьақәыргылан иԥшааз амаҭәашьар аметадон шакәыз.
Саидов иажәақәа рыла, "аҵәахырҭатә ҭыԥ ҷыда" афотосахьа "адиспетчер" изынаишьҭуан уи азы аԥара изыршәон.
Карим Саидов имхыз аметадон 16 грамм акапануан.
Саидов иганахьала ашьаус хацыркуп анаркотикатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада  раахәара, рымҩангара, рыҵәахра азы.
Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусҭҵааратә Усбарҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0