Аҟәа ахысрала ашьҭазаараз аус ариашаратә зыӡба мап ацәкуп

CC0 / / Молот правосудия
Молот правосудия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 28 2021 шықәсазы Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ариашаратә зыӡба аднакылеит Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахь ала. Апрокуратура хада ари аӡбамҭа ахашшааратә ԥҟаррала иазашшит.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшаратә коллегиа мап ацәнакит Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа ариашаратә зыӡба Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура хада асаит.
Мизани Аслани Зыхәаа хараны ирхарарҵоит:
  • Амчра ахаҭарнак иганахь ала иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара;
  • Закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара;
  • Амчра ахаҭарнак иганахьала иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара, ма амчра ахаҭарнак, мамзаргьы иара изааигәоу рнапынҵақәа рынагӡараан амч ахархәара;
  • Амазара аԥхасҭатәреи аимҵәареи заанаҵтәи агәҭакрала.
  • Аинар Зыхәба иакәзаргьы абарҭ ахарадҵақәа рнаҩсгьы аӷьычра далахәуп ҳәа ахара идҵоуп.
Гарри Аҩӡба закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа, дара реиԥш зеиԥшу, аԥсихотроптә маҭәашьарқәа раахәара, рыҵәахра, рхархәара ихараҵоуп.
Хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә хыԥхьаӡарақәа зықәгыламыз автомашьына Toyota Nah аанкылара.
Амашьына анаанымгыла, амилициа аусзуҩцәа уи аанкыларазы иашьҭалеит, ацәгьоуцәа руаӡәк аҳауахь ахысра далагеит. Аҟәантәи Иашҭхәанӡа ирышьҭан, уа ианнеигьы азинеилагаҩцәа амилициаа рмашьына иеихсит, абри ашьҭахь дара абналара рылшеит.
Аамҭақәак рышьҭахь Каман ақыҭан ирбеит ибналаз зықәтәаз автомашьына Toyota Noah былны. Нас ишеилкаахаз ала, ари амашьына уаанӡа иӷьычын Аҟәа инхо атәылауаҩ иҟны, хәажәкыра 12 рзы.
Ацәгьоуцәа аҳәынҭқарратә хыԥхьаӡарақәа зықәгыламыз Mazda-6 ахь ииасит. Дара рҽазыршәеит амашьына Иашҭхәа ақыҭа абжьаларҭақәа руак аҟны иныжьны, абџьаргьы кажьны абналара. Урҭ раанкылараан ҩаԥхьа аҿагылара ҟарҵеит.
Зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа ахара рыдуп ҳәа ишьам ахарадҵаратә зыӡба азинмч аиуаанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0