Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы ирҳәеит цәыббрамзазы ианрыдрымкыло амшқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Ацҳаражәҳәарҭаҿы ишазгәарҭаз ала аҭааҩцәа рыдкылара аамҭала иаанкылоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакылаӡом цәыббра 16, 17, 18 рзы. Абри атәы аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа Facebook адаҟьаҿы.
Акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аамҭак ала фҩык иреиҳамкәа ауаа аднакылоит.
Цәыббра 2 - 8 рзы аамҭала иаанкылан жәа-шықәсатәи атәылауаҩшәҟәы азы адокументқәа рыдкылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0