Аԥсны Амшын еиқәа иаԥну аԥсшьарҭаҭыԥқәа зегь раасҭа ахә ахьымариоу ҳәа иалыркааит

© SputnikКолоннада в Гаграх
Колоннада в Гаграх   - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуроператорцәа рассоциациа ахҳәааҟаҵаратә усбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥыргоит урыстәылеи аҳәаанырцәи акурортқәа рыхәқәа рҭагылазаашьа азын.
АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Амшынеиқәа иаԥну  акурортқәа зегь раасҭа цәыббрамзазы рыхәқәа ахьымариоу ҳәа иԥхьаӡоуп Аԥсны, абас аҩҩуеит адырраҭара АТОР.
Аԥсны зегь раасҭа зыхә мариоу атур цәыбрра 19-25 ( жәаха-жәамш, аԥырреи шьыжьхьафареи налаҵаны)  ҩыџьа ирызтәоит 22 нызқьи 166 мааҭи рҿы.
Аҩбатәи аҭыԥаҿ ари ахәԥса иашьашәало иҟоуп - Анапа, ҩыџьа ирызтәоит 24 нызқьи 781 мааҭ, ахԥатәи - Шәача, 25 нызқьи 257 мааҭ, аԥшьбатәи - Ҟрым
28 нызқьи 287 мааҭ.
Ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыманы иахьцо ҳәа иалкаауп Гагра.
Гагра с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Гагра ҭагалантәи аԥсшьарамшқәа рзы ахәыҷқәа рыман иахьцо аҭыԥқәа ирыҵаркит
Аԥсны цәыббрамза анҵәамҭаз ибзиаӡоу асасирҭа 5* змоу аҟны аԥсшьара,  уажәнатә иааухәозар 82 нызқьи 500 мааҭ артәоит ҩыџьа хынтә рыкрыфара налаҵаны.
Амшынеиқәа иаԥну акурортқәа жәаха-жәамш цәыббра 19-25 рзы, нанҳәамза анҵәамҭа иаҿҳарԥшуазар рыхәқәа 30-50% илаҟәит. Аԥсны акәзар 54,5%, Шәача 27,6%, Ҟрым 45,8%.
Амшынӡы аҟәандара цәыббра анҵәамҭазы Аԥсны 24,5 - 25 градус иҟоуп, Анапа 22,4 -20 гр. Шәача 25 - 24 гр.
Амшынеиқәа иаԥным егьырҭ акурорҭқәа цәыббрамзазы  амшын ахьԥхарроу актәи атыԥаҿ иҟоуп Ҭырқәтәыла, уаҟа уажәы амшынӡ аҟәандара 28,6 гр. иҟоуп амза анҵәамҭаз 26 гр. рҟынӡа.
Ҭырқәтәыла анаҩс  зыхәқәа ахьымариоу аҳәаанырцәтәи атәылақәа ҳәа иԥхьаӡоуп ЕАЕ, Мысра, Кипр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0