Гагра жьҭаарамзазы аԥсшьара ахьыргәаԥхо ахырхарҭақәа жәаба ирылашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКолесо обозрения на набережной Гагры
Колесо обозрения на набережной Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru жьҭаарамзазы аԥсшьарамшқәа ахьырхыргаша ҳәа иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба рсиа шьақәнаргылеит.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Гагра жьҭаарамзазы аԥсшьараз иалырхыз ахырхарҭақәа жәаба ирылоуп ҳәа азгәанаҭоит амаҵзура Tvil.ru.
Асиа иану ақалақьқәа жәаба рҟынтә зегь раасҭа ахәԥсақәа лаҟәуп Гагра, иҳаракуп -  Осташково.
Tvil.ru адыррақәа рыла, атуристцәа ҭагалан рыԥсы ршьоит 2- 12 уахы, убри аан иазыхиоуп уахыки-ҽнаки рыла 1,5 - 3,4 нызқьмааҭ аныхра.
Жьҭаарамзатәи ахырхарҭақәа жәаба:
  • Иалта     –     2810 мааҭ, жәымш
  • Шәача    –    1859 мааҭ, жәамш
  • Санкт-Петербург  – 2525 мааҭ, фымш
  • Кисловодск     –   1916 мааҭ, фымши бжаки
  • Гагра – 1483 м ааҭ, жәаха-мш
  • Москва   –  2461 мааҭ, хымш
  • Калининград   –     1523 мааҭ, хәымш
  • Казань    –    2325 мааҭ, фымш
  • Осташково –   3400 мааҭ, хәымш
  • Алада Новгород  – 1940 мааҭ, ԥшьымш
Асиа шьақәыргылоуп  жьҭаара 1-31 раамҭазы атуристцәа анхараз заанаҵтәи ршәарақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0