Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа дааит

© Sputnik / Наталья Айриян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы президента Южной Осетии и референдум о переименовании республики
Выборы президента Южной Осетии и референдум о переименовании республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәырц.
ԤСОУ, 27 сен - Sputnik, Бадри Есиава. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа дааит цәыббра 27 азы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Уаԥстәыла ахада идыргалеит ачашә, ашәыр, ҩыла иҭәыз аԥаҭхь. Анатоли Бибилов аныҳәаҿа шьҭыхуа аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, аизҳазыӷьара.
"Аиааира амшныҳәа ааиуеит. Анцәа иҳәааит ари адгьыл аҿы аиааирақәа рымацара ҟалаларц", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахәшьара риҭеит идгалаз аԥсуа ҳардан-ҩы, ҳасасдкылашьа.
Президент Анатолий Бибилов принял делегацию Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анатоли Бибилов цәыббра 20 рзы Аԥснытәи аделегациа идикылеит
"Асас асеиԥш дахьрыдыркыло аҩгьы бзиамхар ҟалом", - иҳәеит Бибилов.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа иалахәуп: адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Дмитри Медоев, Атәылахьчара аминистр Ибрагим Гассеев, ахада иабжьгаҩ Дмитри Атрошьченко.
Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәырц.
Нанҳәамзазы Аслан Бжьаниа хадара ззиуаз аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟан, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра инамаданы.
Ажәабжьқәа зегьы
0