Анатоли Бибилов цәыббра 20 рзы Аԥснытәи аделегациа идикылеит

© Foto / Официальный сайт Президента Республики Южная ОсетияПрезидент Анатолий Бибилов принял делегацию Республики Абхазия
Президент Анатолий Бибилов принял делегацию Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 азы Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа инеит, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ашьаҭаркра 31 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәырц.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Цәыббра 20 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови реиԥылара ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Флаг Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Аахыҵ Уаԥстәыла аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит
Цәыббра 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ашьаҭаркра 31 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Аԥсуа делегациа аԥсшәа раҳәо, Бибилов иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аиааирахь раԥхьатәи ршьаҿақәа ҟарҵеит 1920 шықәсазы арегион Қырҭтәыла ианадырҵа инаркны.
"Ари ҳажәлар зегь рзы итрагедиаз аамҭан. Ирылшоз зегь ҟарҵон милаҭк аҳасаб ала ҳақәгаразы. Ҳцәымӷра иапогеины иҟалеит 2008 шықәса", – иҳәеит иара.
Бибилов иҳәеит жәамш рышьҭахь Аԥсны ишазгәарҭо цәыббра 30 - Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш.
"Аԥсуааи ҳареи ҳаишьцәоуп анысҳәо баша ажәақәаӡам. Арҭ ажәақәа аҭоурыхтә шьаҭа рымоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Бибилов Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иазыҟаиҵо азхьаԥшра ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит аԥсуа жәлар иахьатәи аныҳәа шәыцеиҩыршоит ҳәа.
"Ииашаҵәҟьаны, ҳажәларқәа ирхыргаз ауадаҩрақәа ирылсны рхатәы мҩа ылырхит. Иахьа ҳреспубликақәа ԥхьацаратәи амҩа иануп. Агәра аагоит, ацәгьарақәа зегьы ҳашьҭахьҟа ишынхаз", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара хыркәшо, аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0