Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра

© Foto / Музаффар Останов День Победы отметили в Гагре
 День Победы отметили в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра, аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын араион ахадареи ауаажәларреи.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира сынтәа 28 шықәса ахыҵит. Ари арыцхә даара акраҵанакуеит ҳауаажәлар рзы. Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра ирзыннажьыз ахәрақәеи аԥсҭазаараҿы изыниаз амашәырқәеи ачымазарақәеи ирхырҟьаны есышықәса ари аныҳәамш иаԥыло аветеранцәа рхыԥхьаӡара маҷхо иалагеит.
Иахьа, Аиааира амш аҽны, шықәсык аԥхьа зыдунеи зыԥсахыз аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа дахьынхоз аҩнеихагыла аҭӡаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы.
© Foto / Музаффар ОстановЛеон иорден занашьоу Џьумбер Бениа дахьынхоз аҩнеихагыла аҭӡаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы
 День Победы отметили в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Леон иорден занашьоу Џьумбер Бениа дахьынхоз аҩнеихагыла аҭӡаҟны иаартын агәалашәаратә ӷәы
"Џьумбер шьҭахьҟа ахьаҵшьа ззымдыруаз, згәы меиҭасуаз еибашьҩын. Иара иашьа Димагьы иҩызцәа дрывагыланы иԥсадгьыл ихьчон. Аха аишьцәа убас лахьынҵас ироуит аибашьра ашьҭахь, ақәра дуқәа нырҵаанӡа рыдунеи рыԥсахит, Дима машәырла дҭахеит, Џьумбер аибашьра изыннажьыз ахәра иахырҟьаны ҵыԥх даҳцәыӡит. Дара реиԥш аҷкәынцәа роуп иахьатәи амш зырааигәаз. Хашҭра рықәымзааит", - иҳәеит агәалашәаратә ӷәы аартра иалахәыз, Џьумбер иҩыза, аибашьра аветеран Анзор Чычба.
© Foto / Музаффар ОстановЏьумбер Бениа ифото
 День Победы отметили в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Џьумбер Бениа ифото
Ари аҩнеихагыла аҭӡаҟны уажәшьҭа агәалашәаратә ӷәқәа ҩба кыдуп. Ҩышықәса раԥхьа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа лгәалашәара иазкны иаартын.
Иахьа, Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа апандемиа шыҟоугьы даҽа ҽнак еиԥшымкәа хатәгәаԥхарала ажәлар еизеит. Ашәҭ шьҭаҵара аофициалтә церемониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион Ахадара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи гәыԥҩык. Ирацәаҩын згәы иаҭахны ашәҭқәа шьҭазҵаз ақалақьуааи асасцәеи.
© Foto / Музаффар ОстановАиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
1/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
© Foto / Музаффар ОстановАиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
2/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
© Foto / Музаффар ОстановАиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
3/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
© Foto / Музаффар ОстановАиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
4/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
© Foto / Музаффар ОстановАиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра - Sputnik Аҧсны
5/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
1/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
2/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
3/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
4/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
5/5
Аиааира амш 28 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Гагра
Анаҩс имҩаԥган амитинг. Араҟа адныҳәалара ҟаҵо Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц еизаз ирзеиӷьеишьеит уаҳа еибашьра ҟамло, аԥсуа жәлар ргәы ишаҭаху иахьаԥшәымацәоу рыԥсадгьыл аҿы наӡаӡа иҿиаларц.
Анаҩс Гагра араион Ахадара ашәҭқәа шьҭарҵеит Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа амҵан.
© Foto / Музаффар ОстановЖәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа
 День Победы отметили в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа
"Аиааира амш ҳәа ажәаны иануҳәо имарианы уҿаҟны иааиуеит, аха уи иахҭну ахә уазхәыцуа уалагар, зшьа ахьыршу аҵеицәа рылымкаа адәы ақәлара ухы ахубаауеит. Ииашоуп, 28 шықәса ҵит ахҭыс еиқәаҵәақәа раахыс, аха аибашьра адәаӡа иқәгылаз ахацәа ахаан ирхашҭуам ирывыршьааз рҩызцәа", - иҳәеит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Геннади Ӡкәуа.
© Foto / Музаффар ОстановЖәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа амҵан.
 День Победы отметили в Гагре - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишьақәыргылоу, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭҟәаны иргаз, ашьҭахь гыгшәыграла иршьыз аибашьцәа рбаҟа амҵан.
Гагра араион аҟны, Аиааира амш инамаданы ашәҭшьҭаҵарақәа мҩаԥысит Пицунда, Бзыԥҭа, Цандрыԥшь.
Ахәылбыҽхан, Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа ахԥатәи ахәҭаҟны "Агәалашәаратә цәашьы" захьӡу акциа мҩаԥысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0