Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа рыхьчара дырӷәӷәарц адҵа ҟаиҵеит

© Sputnik / Леон Адлейба Заседание в администрации президнта
Заседание в администрации президнта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа иусутә ныҟәара аанкыланы дхынҳәит аибашьра аветеранцәеи, адепутат Гарри Кокаиеи, амилициа аусзуҩцәеи цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирыбжьалаз аимак иахҟьаны. 
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа жьҭаара 4 рзы ршәарҭадара рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит.
"Уаҵәы Апарламент аҿы аилатәара шыҟало жәдыруеит. Ҳаҭыр зқәу ҳдепутатцәа ҭынч аусура рылшартә иҟаҵатәуп. Уи ақәыӷәӷәара ҳәа аӡәы акы азиуртә иҟамлароуп. Убри инамаданы, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура, егьырҭ азингхьчаратә усбарҭақәа иақәнагоу ашәарҭадаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿыркаароуп - ахыбрақәа зыхьчо иаакәыршаны шаҟа аҭаху дыргылароуп уҳәа иахәҭоу зегьы ҟарҵароуп", - иҳәеит Бжьаниа. 
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәарала аамҭала дамхуп ахысразы ашьаусҭҵаара цонаҵы
Иара убас иара ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, апартиақәеи, аҵысрақәеи, атәылауааи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ашьаусҭҵаара ахьынӡацо аполитикатә акциақәеи амитингқәеи рымҩаԥгара иацәхьаҵырц. 
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа иусутә ныҟәара аанкыланы дхынҳәит аибашьра аветеранцәеи, адепутат Гарри Кокаиеи, амилициа аусзуҩцәеи цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирыбжьалаз аимак иахҟьаны. Иара Москваҟа дцеит жьҭаара 1 азы, уа дырԥылараны дыҟан Урыстәыла афымцамч, аекономикатә ҿиара, афинансқәа, атәылахьчара рминистрцәа уҳәа егьырҭ амаҵурауаа.
"Москва сахьынӡаҟаз, избеит аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс акәша-мыкәша аҭагылазаашьа аицәахара ишаҿыз. Схынҳәны сааит обиективла иҟалаз шыҟалаз аилыргаразы", - иҳәеит Бжьаниа.
Иара убас иазгәеиҭеит иҟалаз Аԥсны анҭыҵгьы ишрылаҵәаз, иреиҳаӡоу аурыс кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа рҿы ицәырыргеит. Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит иҟалаз шыҟалаз шышьақәыргылатәу, обиективла ишазнеитәу. 
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ари аилацәажәараҟны ахада диҳәеит ашьаусҭҵаара ахьынӡацо имаҵуарҟынтәи аамҭала ихы дақәиҭитәырц, иара убас ари ахҭыс иалахәыз иусзуҩцәагьы. 
"Ашьаусҭҵаара обиективла имҩаԥысразы, сара аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иаҳасабала џьара акы анырра аҭара сылымшарц азы, ашьаусҭҵаара ахьынӡацо аамҭала смаҵураҟынтәи сақәиҭитәырц Аԥсны ахада сиҳәоит. Агәыӷра сымоуп ари ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы абасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа, ашьаусҭҵаара Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьеи иҟалаз ахҭысқәа азинтә хәшьара ишақәнагоу аҭара рылшарц азы", - иҳәеит Дбар, ахада иахь ихы нарханы. 
Аԥсны Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иҳәеит Дмитри Дбар иажәалагала ашьаусҭҵааразы ишхәарҭахо, иааидкыланы иҟалаз шыҟалаз аилкаара ишацхраауа.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит Апрокуратура хада Ашьаустә усбарҭа ашьаусҭҵаара мҩаԥнагоит аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҵыхәала, ашаҳаҭцәа иразҵаауеит, еиуеиԥшым аекспертизвақәа азгәаҭоуп, ААР аҿаԥхьа иҟалаз ахысразы агәаҭарақәа убрахь иналаҵаны. 
Аԥсны ахада Дмитри Дбар аамҭала иԥхьатәара идикылеит, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит аинрал-маиор Руслан Ажьиба. 
Ажәабжьқәа зегьы
0