Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәарала аамҭала дамхуп ахысразы ашьаусҭҵаара цонаҵы

© Sputnik / Марианна Кубрава Дмитрий Дбар
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Азинхьчаҩцәеи, Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара аимак ҟалеит цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы, Аиааира амш азгәаҭара ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц.
Иара абри аҩыза аҳәара ҟаиҵеит Бжьаниа амчратә усбарҭақәа, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, ахада иусбарҭа анапхгара алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараан.
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Руслан Ҳашыг Аҟәа иҟалаз аимак аҭышәныртәаларазы ажәалагалақәа ҟаиҵеит
Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа. 
Бжьаниа Дмитри Дбар ашьаусҭҵаара цонаҵы ԥхьатәара ицара идикылеит, аамҭала уи инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵеит Руслан Ажьиба.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи цәыббра 30 ауха аҟәатәи ақьафурҭақәа руак аҿы Аиааира амш азгәаҭаны иандәылҵ, урҭ иреиуаз шьоукы аҳауахь хынтә-ԥшьынтә ихысит. Уи заҳаз амилициа аусзуҩцәа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар раԥхьа дыргыланы абџьар рырҭарц адҵа ҟарҵеит. Адепутат Гарри Кокаиа ихысыз сара соуп ҳәа иҳәеит, аха атапанча рыҭара мап ацәикит. Аҵыхәтәаны аисра иалагеит, уи иалҵшәаны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа быжьҩык аахақәа роуит.
Аԥсны Апрокуратура хада иҟалаз ахҭыс азы ашьаусҭҵаара иаҿуп, аҭыԥ ахь инеиз азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьагьы азинтә хәшьара анаҭароуп. Иара убас Аҟәа ақалақьтә прокуратура агәаҭарақәа хацнаркит уи аухаҵәҟьа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа аҭыԥ змаз ахысра аҵыхәала, заанаҵтәи адыррақәа рыла уи зуз Жәлар Реизара адепутат Алмасхан Арӡынба иоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0