Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 5 рзы - Жәларбжьаратәи арҵаҩы имшуп. Аԥсны адагьы ари аныҳәа 100 инареиҳаны тәыла рҟны иазгәарҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзаанаҭтә мшныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
"Шәара ишәыԥсҭазаарахаз шәзанааҭ, шәус-ԥшьа ауаатәыҩса рыԥсҭазаараҟны ахаан аахыс ҳаҭыр ду ақәын, хьӡи-ԥшеи аман. Уи иацу аҭакԥхықәра ду, ачҳара, аџьабаа ҳҳәынҭқарра аргылараҟны, аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ачаԥараҟны ахә ашьара уадаҩуп", - аҳәоит адныҳәалара атекст.
Бжьаниа иазгәеиҭеит агәра шиго арҵаҩцәа иреиӷьу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа рылааӡо, ирырҭо адыррақәа ирыбзоураны рҵаҩцәа уаҵәы ҳаԥсадгьыл Аԥсназы ихьӡырҳәагоу абиԥараны ишгыло.
Абри амшныҳәазы хаҭа-хаҭала зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәеизҳара, анасыԥ, ақәҿиарақәа рнапы злаку аус аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0