Аԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНаграды и поздравления: профессиональный день педагогов отметили в Абхазии
Награды и поздравления: профессиональный день педагогов отметили в Абхазии   - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи арҵаҩцәа рымшныҳәа азгәарҭоит есышықәса жьҭаара хәба рзы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рыҟны, убас Аԥсынгьы.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аҟәа имҩаԥысит Жәларбжьартәи арҵаҩцәа рымш иазкыз аныҳәатә еилатәареи аҳамҭақәа ранашьареи иазкыз аусмҩаԥгатә.
Уи аартуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит рымш ныҳәа:
"Ҳаҭыр зқәу ҳарҵаҩцәа, асасцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит арҵаҩы имш. Шәџьабаа даара ирацәоуп, пату ҳзақәуп. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аҿар реиҵааӡараҟны ачҳара ду", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр.
Сынтәа Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи арҵаҩцәа ҩажәаҩык аԥсахеит "Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ аиура. Иреиҳаӡоу "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ранашьан ааҩык арҵаҩцәа. Урҭ рымшныҳәа рыдырныҳәаларц арахь имҩахыҵит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит
Аԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит
Аԥсны арҵаҩцәа рымшныҳәа рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәа ранаршьеит - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, иахьа аҵара ус знапы алаку, тәанчара иҟоу, зегьы азин сышәҭ шәымшныҳәа шәыдысныҳәаларц. Ҩаԥхьа еиҳа адгылареи, ахылаԥшреи шԥаҳау ҳәа шәхы иазышәҳәо, шгәы бзиа ҽааныԥшӡала шәнеиааит", - ҳәа дрыдныҳәалеит Валери Кәарҷиа.
Адунеизегьтәи Арҵаҩ имш еиҿкаан 1994 шықәсазы ИУНЕСКО аԥшьгарала, ари аныҳәа еиднакылоит арҵара иазааԥсо зегьы.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Аҵараҟәша аусзуҩцәа рџьабааи, урҭ рзанааҭ ҭыԥс иааннакылои, ажәлар разхьарԥшра хықәкыс иҟаҵаны, 1994 шықәсазы официалла ООН ишьақәнарӷәӷәеит ари аныҳәа. Рыцхәс иазалхын жьҭаара 5. Уи арыцхә машәыршақә иалхӡамызт, 56 шықәса раԥхьа убри амш аҽны, Париж имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа иаднакылеит ашәҟәы "Арҵаҩы истатус иазку". Уаҟа раԥхьаӡа акәны иарбан "арҵаҩы" ҳәа аилкаара, уахь иаҵанакуан алагарҭатәи абжьаратәи ашколқәа рыҟны аҵаҩцәа аҵара дзырҵоз арҵаҩцәа.
Арҵаҩы имш – ари аҳаҭыри ачҳареи еиҵагылоу абиԥара рдырра иасимволуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0