Дмитри Дбар иқыҭауаа гәыԥҩыки Аԥсны Ахадеи еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха и аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иқыҭауаа гәыԥҩыки Аслан Бжьаниеи еиԥылеит, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Мгәыӡырхәааи Аслан Бжьаниеи реиԥылара далахәын Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа.
Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аиԥылараҟны иззаҭгылаз. Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиеи, аибашьра аветеранцәеи, Аԥсны ААР аусзуҩцәеи ирхылҿиааз аимак шакәу изыхҟьаз иахьатәи реиқәшәара, иҳәеит иара.
"Атәыла ахада иаҳҳәеит Аԥсны апрокуратура хада ари аус аҵыхәала иҟанаҵо азинтә хәшьара ҳшадгыло. Аҿагыларатә акциақәа аҟаҵара ҳгәы ишҭам. Азакәан зегьы еицырзеиԥшуп, уи еилазгаз ихәҭоу дақәыршәатәуп. Азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа зегьы ахара рыдҵазароуп", - иҳәеит иара.
Иара убас Агрба иҳәеит, Аҟәа аԥшаҳәаҿы аимак-аиҿак иалахәыз ҭынч азҵаара рыӡбыр, Мгәыӡырхәа ақыҭауаа уигь ишадгыло.
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара. Аветеранцәа аҳәамҭа ҟарҵеит амилициа аусзуҩцәа ҳганахь ала рнапы шьҭырхит ҳәа.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аусутә еилацәажәараҟны.
Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп аҿҳәарақәа – 5, 15, 60 мшы.
Драка на набережной  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Идырым џьоукы асоциалтә ҳақәа рыла иаладырҵәеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҟынтә авидео
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит хымшуп аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иалагеижьҭеи, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам ҳәа.
Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩныҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Ари аамҭа иалагӡамхар аҿҳәара иацҵатәхоит ҳәа иҳәоит Агрба.
Жьҭаара 3 азы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Аимак ауаажәлар рацәа алагалахеит. Жьҭаара 4 азы Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит, Дбар имаҵура дамхзарц адҵа ҟаҵо.
Уаанӡа Аԥсны аполитикатә партиақәак аҳәамҭа ҟарҵахьан ахҭыс аполитикатә цәа ахарымҵарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0