Аконфиденциалра (армаӡара) аполитика

Аконфиденциалра (армаӡара) аполитика (аред. 2023 ш.)
Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" (аринахыс – Амаҵзура, ҳара, ҳара ҳтәы, ҳара иаҳтәу), абри аҭыӡҭаҿы иҭаҩу: 119021, Урыстәыла, ақ. Москва, Зубовтәи абульвар, аҩ. 4, арг. 1,2,3 – аҵак ду анаҭоит шәхаҭалатә ԥсҭазаара ахьчареи шәхаҭаратә дыррақәа ршәарҭадара ахьчареи.
Аконфиденциалтә (армаӡаратә) политика аус адулоуп ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара аусхк аҟны Урыстәылатәи афедерациа анорматив-зинтә ҭахрақәа инарықәыршәани жәларбжьаратәи азин анормақәа инарықәыршәани, аха ԥкырак рымҭакәа: Афедералтә закәан (27.07.2006 ш. №152–ФЗ "Ахаҭаратә дыррақәа рзы" –Урыстәылатәи Афедерациа; Европатәи Апарламенти Европатәи Аидгыла Ахеилаки (27.04.2016ш.) "Ахатәхаҿқәа рхаҭаратә дыррақәа рганахь ала ахатәхаҿқәа рыхьчарази арҭ адыррақәа рхы иақәиҭны реикәыршарази иара убасгьы Адиректива 95/46/ЕС (Адыррақәа рыхьчаразы азеиԥш ԥҟарақәа) аԥыхрази" GDPR – Регламент N 2016/679 анормақәа инарықәыршәани.
Ҳара ҳҽазаҳшәоит шәхаҭаратә дыррақәа рыхьчаразы изаамҭанытәу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара абри аконфиденциалтә (армаӡаратә) политикеи (анаҩс – Аполитика), азакәанԥҵареи рхархәараз, хәдықәҵара аауеит ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулареи рыхьчареи иреиҳаӡоу адунеитә стандартқәа ирықәшәо ишеиҿкаахо азы.
Ҳшәыҳәоит Аполитика хшыҩзышьҭрала иҭышәҵаарц шәхаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы хықәкқәаны иҳамоу аилкааразы иара убасгьы Амаҵзура аус зыднауыло шәхаҭаратә дыррақәа рганахь ала шәзинқәа нашәыгӡарц шшәылшо адырразы.
Ҳара ҳҽазаҳшәеит Аполитика иахьынӡалшо аилкааразы имариазарц.
Аполитика шьақәырӷәӷәахоит аурыс бызшәала, иаҭахны ишьазар егьырҭ атәымбызшәақәа рахь еиҭагахоит.
Шәхаҭаратә дыррақәа аус шрыдаауылои ишаҳахьчои рзы азҵаарақәа шәызцәырҵыр ма Аполитика аиҭаҳәа аиӷьтәразы ажәадгалақәа шәоур, мамзаргьы ишьақәырӷәӷәо аредакциазы азыҳәа шәымазар аҟәша 13 "Аимадарақәа" рҟны иарбо аҟазшьала иаҳзаашәышьҭыр ҟалоит.
1. Ахархәара аусхк
Аполитика, ҳинформациатә ресурс (асаит, амобилтә цҵа) ахархәараан шәхаҭаратә дыррақәа реидкылареи аус рыдулареи рганахь ала имҩаԥааго аусқәа рзы аинформациа шәыҭара иазырхоуп, иара убасгьы аинформациатә ресурс иадҳәалам аусура анымҩаԥааго аинформациатә дырра шәыҭара иазырхоуп.
Аполитика ахархәара иадҳәало апроцессқәа еиқәыԥхьаӡоуп аҟәша 5 "Аконфиденциалра ардырразы" аҟны.
Ҳинформациатә ресурс (асаит, амобилтә цҵа) ҳара хылаԥшра заҳамҭо, Аполитика иаҵанамкуа егьырҭ амаҵзурақәа рахь азхьарԥшрақәа ҟазҵо аресурсқәа аманы иҟалар шыҟало шәазхьаԥш.
Ҳара ҳпартниорцәа рҟынтәи иаҳҭахуп ахархәаҩцәа рдыррақәа иреиҷаҳаларц, уи азы зыхьӡ ыҟоу аилахәырақәа аус рыцаауеит.
2. Аус здаауыло ахаҭаратә дыррақәа ркатегориақәа.
Ҳара шәрасатәи шәмилаҭтәи ҟазшьа, шәполитикатә дунеихәаԥшышьа, шәдинтәи шәфилософиатәи знеишьа, шәгәабзиаратәи шәбиологиатәи ҭагылазаашьа уҳәа реиԥш иҟоу, шәхаҭара шьақәзыргылар алшо адыррақәа хықәыла аус рыдаауылом, иҭаҳҵаауам.
Ҳара зегь ироур ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтәи хықәкыла аус рыдаауылом, иҭаҳҵаауам шәхаҭаратә дыррақәа АИХқәа русура иаҵанакуа, ахархәара змоу азакәанԥҵара уи азы аҽакы азыԥхьагәанамҭозар.
3. Ахаҭаратә дыррақәа рсубиектқәа ркатегориақәа.
Ахаҭаратә дыррақәа рсубиектқәа рахь иаҵанакуеит: Амаҵзуреи иара ахаҭарнакрақәеи, афилиалқәеи акорреспонденттә пунктқәеи русзуҩцәа, Амаҵзура асаитқәеи амобилтә цҵақәеи, апартниорцәеи аклиентцәеи, аконтрагентцәеи урҭ рхаҭарнакцәеи, ажурналистцәеи аблогерцәеи (ахатә саит, асоциалтә ҳақәа рҿы ахатә даҟьа, аҭыжьратә плошьчадка) змоу ахатәхаҿқәа, Амассатә информациа ахаҭарнакцәа, Амаҵзура имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа рлахәылацәа уҳәа ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкқәа рынагӡаразы иҟоу егьырҭ асубиектқәа.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара иахықәкны ишьоу еиқәыԥхьаӡоуп "Аконфеденциалраз адыррақәа" аҟәша 5 аҟны.
Амаҵзура зықәра наӡоу ахаҿқәа роуп зхаҭаратә дыррақәа аус рыднауло.
4. Зықәра наӡам рхаҭаратә дыррақәа риезгара.
Ҳара ҳинформациатә ресурс (асаит, амобилтә цҵа) зықәра намӡац ахаҿқәа рхаҭаратә дыррақәа аус рыдулара иазырхам азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо ҭагылазаашьақәак рани рҭаацәеи ма урҭ зыԥсахуа ахаҿқәеи рақәшаҳаҭрада.
Зықәра намӡац ахаҿы ҳәа ишьоуп 18 шықәса зхымҵыҟ, уи аганахь ала азакәанԥҵара аҽа ҭагылазаашьак анамырбозар.
Шәхәыҷы ихаҭаратә дыррақәа ҳаиҭеит ҳәа агәаанагара шәыманы шәыҟазар, аҳәара ҟаҳҵоит шәыҽҳамажәдарц "Аиныррақәа" ахәҭаҷ 13 аҟны иарбоу алшарала.
5. Аконфиденциалраз адырраҟаҵара
5.1. Шәхаҭаратә идентификациа ацны ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара
Амаҵзура аинформациатә ресурс (асаит, амобилтә цҵа) имҩаԥнагоит ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара хатәхаҿык изы аҳасаб ала абарҭ ахықәкқәа рзы:
5.1.1. Ажәабжьтә саит аҟны ахатә кабинет афункционал аҭара
Ажәабжьтә саит ҳәа иԥхьаӡоуп ажәабыжьқәеи ажәабжьтә материалқәеи реизгареи рыҭареи мҩаԥызго Амаҵзура аинтернет–ҭыжьымҭа.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкы
Ажәабжьқәа рылацәажәареи ажәабжьқәа ахҳәаа рыҭареи ралахәхара алыршара.
Иарбоу ахықәкы азы аус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа
Асаит аҟны аҽҭаҩразы шәара иҳадыжәгалароуп: шәыхьӡ ма шәыпсевдоним, шәелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа.
Ашәҟәҭагалара шәанахыслак ашьҭахь ишәылшоит шәхатә кабинет аҟны адырра цҵақәа ашәырбар: афотосахьа; ақәраз аинформациа; ахаҵара/аԥҳәысра; аира арыцхә; атәыла; Google ID, Apple ID, ID асоциалтә ҳақәа раккаунт. Адырра цҵақәа рыҟаҵара хымԥадатәины иҟам.
Google ID, Apple ID, ID социалтә ҳаны шәаккаунт аҿы иашәырбазар, асаит аус аднаулалоит шәаккаунт аҟнытәи адыррақәа: шәыхьӡ, шәыжәла, шәфотосахьа, шәаниз арыцхә, шәхаҵара/шәыԥҳәысра, шәелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа, ишәзыҟаҵоу анапаҵаҩрақәа.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы аҵаҵӷәқәа
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Шәара шәхаҭа шәаккаунт ықәыжәгаанӡа ма адыррақәа рықәгара шәшақәшаҳаҭу азы азыҳәа ҟашәҵаанӡа.
Адыррақәа рықәгараз ақәшаҳаҭра аԥҟара арбоуп "Ақәшаҳаҭра архынҳәразы азин" апункт 8.7.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Google ID, Apple ID, ID социалтә ҳаны шәаккаунт аҿы иашәырбазар, ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа, хаҭала – Google LLC (Firebase, GoogleAnalytics); TwitterInc. (Twitter); ООО "В Контакте" (Вконтакте), AppleInc ирыҭахоит.
Шәхатә кабинет ақәыргылақәа рҿы асоциалтә ҳақәа рзы адыррақәа ашәмырбазар ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рыҭара аҭахны иҟам.
Ахԥатәи атәылақәа рахьи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахьи ахаҭаратә дыррақәа рынашьҭра
Шәхатә кабинет ақәыргылақәа рҿы асоциалтә ҳақәа рзы адыррақәа ыҟазар, ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит асоциалтә ҳақәа рыпроваидер ахьыҟоу Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҵакыраҿы.
Шәхатә кабинет ақәыргылақәа рҿы асоциалтә ҳақәа рзы адыррақәа ыҟамзар, ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы мацара.
5.1.2. Амедиасаит аҿы ахатә кабинет афункционал аҭара
Амедиосаит ҳәа ишьоуп Амаҵзура аинформациатә ресурс, зыҟны ацифратә формат ала аинформациатә аалыҵ (афото, авидео, аудио у.у.е.) арбоу, Амаҵзура урҭ анаҩстәи рхархәареи раларҵәареи хықәкны иҟаҵаны иаԥнаҵаз.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкы
Афотоматериалқәа, аграфикатәи, аинфографикатәи, аудиобаратәи материалқәа рхархәаразы азин ҷыда – алицензиа аҭара. .
Иарбоу ахықәкы азы аус здыруа ахаҭаратә дыррақәа
Ажәла, ахьӡ, аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа, алогин, аилахәыра ахьӡ, аилахәыра аиндустриа, ақалақь, атәыла, аусурҭаҭыԥ, амаҵзура, аԥошьҭатә индекс, аҭыӡҭа, ателефонтә номер.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы азинтә ҵаҵӷәқәа
Аиқәшаҳаҭра (алицензиатә еиқәышаҳаҭра).
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Аиқәшаҳаҭра (алицензиатә еиқәшаҳаҭра) амчра нҵәаанӡа.
Аиқәшаҳаҭра амчра анынҵәалак ашьҭахь аиқәшаҳаҭра архивтә ҵәахрахьы инашьҭхоит. Аиқәшаҳаҭара аҵәахра аҿҳәара ҳәаақәнаҵоит аусқәа аҩныҵҟатәи рнаменклатура ахархәара зҭо азакәанԥҵара аҭахрақәа инарықәыршәаны.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахаԥатәи ахаҿқәа рыҭара ҟалом.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәеи рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны мацара.
5.1.3. Икоммерциатәу аинформациатә ресурс аҟны ахатә кабинет афункцианал аиҿкаара аҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкы
Акоммерциатә маҵзурақәа рыҭара.
Иарбоу ахықәказы аус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа
Email; аиҿкаара; алогин; ахархәара зауа ажәабжьтә цәаҳәақәа рзы адыррақәа.
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа
Аиқәшаҳаҭра (алицензиатә еиқәышаҳаҭра).
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Аиқәшаҳаҭра (алицензиатә еиқәшаҳаҭра) амчра нҵәаанӡа.
Аиқәшаҳаҭра амчра анынҵәалак ашьҭахь аиқәшаҳаҭра архивтә ҵәахрахьы инашьҭхоит. Аиқәшаҳаҭара аҵәахра аҿҳәара ҳәаақәнаҵоит аусқәа аҩныҵҟатәи рнаменклатура ахархәара зҭо азакәанԥҵара аҭахрақәа инарықәыршәаны.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахаԥатәи ахаҿқәа рыҭара ҟалом.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи аҳәаанырцәтә еиҿкаарақәеи рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны мацара.
5.1.4. Аицлабрақәеи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рымҩаԥгара
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкы
Амаркетингтә еицлабрақәеи акциақәеи рымҩаԥгара.
Иарбоу ахықәказы аус здыруло ахаҭаратә дыррақәа
Асоциалтә ҳақәа рҿы ID аккаунтқәа, ажәла, ахьӡ, абхьӡ, ақәра, атәыла, аинтернет-мессенџьерқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны анырра, ателефонтә номерқәа, аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа, афото, авидео.
Шәхаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа
Аицлабра ма аҽа уснагӡатәык алахәраз аԥҟарра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Имҩаԥырго ауснагӡатә нҵәаанӡа.
Иаиааиз рзы адыррақәа аус рыдырулоит урҭ аҳамҭақәа рыҭаразы.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ауснагӡатә аиҿкааразы ахԥатәи ахаҿқәа (апартниорцәа, аганахьтә плошьчадкақәа) адыԥхьалазар ма аҳамҭақәа рыҭаразы (аԥошьҭатә маҵзурақәа, апартниорцәа) адыԥхьалазар ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рыҭара алшоит.
Аицлабра аетапқәа зегь раан иаиааиз аҳамҭақәа рыҭарагьы абрахь иналаҵаны, Амаҵзура ахала ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рнаҭом.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара
Ауснагӡатә аиҿкааразы ахԥатәи ахаҿқәа (апартниорцәа, аганахьтә плошьчадкақәа) адыԥхьалазар ма аҳамҭақәа рыҭаразы (аԥошьҭатә маҵзурақәа, апартниорцәа) адыԥхьалазар ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рыҭара алшоит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра мацараҿы, ахԥатәи ахаҿқәа алахәны.
Иадыԥхьало ахԥатәи ахаҿқәа ыҟамзар, ахаҭаратә дыррақәа рыҭара ҟалоит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра мацараҿы.
5.1.5. email – зынашьҭқәеи адыррақәеи рынашьҭра
Ахаҭаратә дыррақәа аус рыдулара ахықәкы
Аинформациатә зынашьҭқәа рымҩаԥгара
Иарбоу ахықәк азы аус здыруло ахаҭаратә дыррақәа
Ажәла, ахьӡ; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; иахьыҟоу аҭыӡҭа; аԥошьҭатә клиент изы адыррақәа.
Шәхаҭаратә дыррақәа аус рыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәы
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Шәақәшаҳаҭра архынҳәраҟынӡа.
Ақәшаҳаҭра архынҳәраз аԥҟара арбоуп "Ақәшаҳаҭра архынҳәраз азин" апункте 8.7.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
The Rocket Science Group (Mailchimp); SendPulse Inc. (Sendpulse).
Ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкааарқәеи ахаҭаратә дыррақәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, Германиа, Литватәи Ареспублика раҵакырақәа рҟны.
5.1.6. Архынҳә-еимадара аиҿкаараз алшара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы
Ахатә хаҿы иҟынтәи ма аиҿкаара ахаҭарнак иҟынтәи аҳәара (ашшрақәа, ажәадгалақәа) аус адулара.
Иарбоу ахықәк азыаус здыруло ахаҭаратә дыррақәа
Ажәла, ахьӡ; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; иахьыҟоу аҭыӡҭа; атәыла; ателефонтә номерқәа; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәы
Шәызҵаара аӡбразы архынҳә-еимадара аиҿкаара.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Иаҳзаашәышьҭыз азҵаара ӡыбхаанӡа.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа ирырҭом.
Ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкааарқәеи ахаҭаратә дыррақәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны мацара.
5.2. Ахаҭаратә дыррақәа шәхаҭара аидентификациа адааус рыдулара
Асаит имҩаԥнагоит шәара шәхаҭара хатәхаҿык иҳасаб ала аидентификациа адаахалеизгарақәа абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы:
5.2.1. Аинформациатә ресурс ахархәаҩ (асаитқәа, амобилтә цҵақәа) ихымҩаԥгашьа аналитика аҩныҵҟатә системақәа рыла анализ аҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы
Асаит/амобилтә цҵарусура аиӷьтәра, аконтент аҭара, еиҳа акрызҵазкуа ажәабжьтә материалқәа рнырԥшра, Амаҵзура асаити амобилтә цҵеи рҟни аӡыргаратә ҳақәа рҟни ахықәкытә ӡыргарақәа рнырԥшра.
Иарбоу ахықәкы азыаус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа
Cookie, IP-ҭыӡҭа, иахьыҟоу аҭыԥ азы адыррақәа, ОС ахки аверсиеи, абраузер ахки аверсиеи, ашьақәгыла ахкы, аекран азинҟаҵара, асаит ахьахархәаҩ дахьынтәҭалаз, иарбан саит аҟынтәу ма ӡыргароу зҟынтә ахархәараҩ дҭалаз, ОС-и абраузери рбызшәа, ахархәаҩ интернет аҟны ихымҩаԥгашьа активра.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәы
Азакәантә интерес.
Шәхаҭаратә дыррақәа реизгараан напхгаганы иҳамоуп шәзакәантә интересқәа, егьырҭ аҵаҵӷәқәа абри аҭагылазаашьаан ахархәара ахьрымам азы. Ҳусура рхьыԥшуп шәара аконтент аиура ахьынӡашәҭахуи уи ахархәара ахьынӡамариоуи.
Ҳсаит аҟны ахархәаҩ ихымҩаԥгашьа анализ азыҟаҵара иаабац практикоуп АИХқәа русураҿы. Убри инадҳәаланы шәара ари жәдыруеит ҳәа ҳақәгәыӷуеит. Ҳара агәра шәҳаргоит ҳхықәкқәа рынагӡаразы иҟаҳҵо шәхаҭаратә дыррақәа анализ рзура шәзинқәеи шәхақәиҭрақәеи анырра шырзыҟарымҵо азы.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Аҵәахра аҿҳәара ахьыԥшуп Сookie афаил ахкы.
Ахкқәа рзы адыррақәа шәоур алшоит Сookie атаблицаҿы.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа ирырҭом.
Ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкааарқәеи ахаҭаратә дыррақәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны мацара.
5.2.2. Аинформациатә ресурс ахархәаҩ (асаитқәа, амобилтә цҵақәа) ихымҩаԥгашьа анҭыҵтә ресурсқәа рыла анализ аҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы.
Асаит/амобилтә цҵарусура аиӷьтәра, аконтент аҭара, еиҳа акрызҵазкуа ажәабжьтә материалқәа рнырԥшра, ахықәкытә ӡыргарақәа рнырԥшра.
Иарбоу ахықәказы аусздыруыло ахаҭаратә дыррақәа.
Cookie, IP-ҭыӡҭа, иахьыҟоу аҭыԥ азы адыррақәа, ОС ахки аверсиеи, абраузер ахки аверсиеи, ашьақәгыла ахкы, аекран азинҟаҵара, асаит ахьахархәаҩ дахьынтәҭалаз, иарбан саит аҟынтәу ма ӡыргароу зҟынтә ахархәараҩ дҭалаз, ОС-и абраузери рбызшәа, ахархәаҩ интернет аҟны ихымҩаԥгашьа активра.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәы.
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара.
1) Сookie аҵәахра аҿҳәара нҵәаанӡа, иара ахкы иахьырԥшны. cookie афаил ахкы иахьырԥшны аҵәахра аҿҳәара шәахәаԥшыр шәылшоит cookie атаблицаҿы.
2) Ақәшаҳаҭра аргьыжьранӡа (аус адулара мап ацәкра). Ақәшаҳаҭра аргьыжьра аԥҟара арбоуп "Ақәшаҳаҭра аргьыжьраз азин" апункт 8.7. аҟны.
Ахԥатәи ахаҿқәа рхаҭаратә дыррақәа роура.
Ари ахықәкы анагӡаразы ахархәара аҭахоит анҭыҵтә маҵзурақәа ринформациатә ресурсқәа рыҽрыԥшьра.
Арҭ амаҵзурақәа аналитика амҩаԥгара хықәкны иҟаҵаны ирырҭоит алшара шәхаҭаратә дыррақәа реизгараз.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мҩаԥыргоит Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, Египет уҳәа егьырҭ анҭыҵтә маҵзурақәа ахьыҟоу атәылақәа рҵакырақәа рҟны.
5.3. Аинформациатә ресурсқәа рхархәарада Амаҵзура аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны адыррақәа аус рыдулара.
Аинформациатә ресурсқәа рхархәарада шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мҩаԥаагоит абарҭ ахықәкқәа роуразы:
5.3.1. Амаҵзура иахатәу ма еиҿнакаауа ауснагӡатә аҟны АИХ ахаҭарнак, аблогер аккредитациа рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы.
Амаҵзура иахатәу маеиҿнакаауа ауснагӡатә аҟны АИХ ахаҭарнак, аблогер аккредитациа рыҭара.
Иарбоу ахықәказы аусздыруыло ахаҭаратә дыррақәа.
Ажәла, ахьӡ, абхьӡ; ахаҵара/аԥҳәысра; атәылауаҩра; ахаҭара шьақәзыргыло адокумент ареквизитқәа; афотосахьа; атәылауаҩшәҟәы адаҟьақәа ркопиақәа; аусураҭыԥи амаҵзуратә ҭыԥи; авиза акатегориеи аномери; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; аимадараз ателефон аномерқәа; атәыла алара ахықәкы.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа.
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара.
Аккредитациа анымҩаԥырго аамҭази аккредитациа аҿҳәара анынҵәа ашьҭахь шықәсык аҩныҵҟа.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара.
Ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рыҭара алшоит Амаҵзура ауснагӡатә апроцесс амҩаԥысра ралархәраан.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациеи ауснагӡатә ахьымҩаԥысуа аҵакырақәа рҟни.
5.3.2. Амаҵзура ауснагӡатә ахь ааԥхьара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы.
Амаҵзура ауснагӡатәқәа реиҿкаара.
Иарбоу ахықәкы азыаус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа.
Ажәла, ахьӡ, абхьӡ; афотосахьа; аусурҭа ҭыԥи амаҵзуратә ҭыԥи; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; аинырраз ателефонтә номерқәа; аҭҵаарадырратә лшамҭақәа рзы адыррақәа; анысымҩаз адыррақәа; аинтернет-мессенџьерқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны аимадарақәа рзы адыррақәа.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа.
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
Ауснагӡатә нҵәаанӡа.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахԥатәи ахаҿқәа ахаҭаратә дыррақәа рыҭара алшоит Амаҵзура ауснагӡатә апроцесс амҩаԥысра ралархәраан.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациеи ауснагӡатә ахьымҩаԥысуа аҵакырақәа рҟни.
5.3.3. Амаҵзура апартниорцәа, аконтрагентцәа, аклиентцәа рхаҭарнакцәа рхаҭаратә дыррақәа аус рыдуылара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкы
Аграждантә-зинтә еиқәшаҳаҭра адкылара, анагӡара, аанкылара; аконтрагенти амаҵзуреи реилаӡара аицеиқәшаҳаҭра.
Иарбоу ахықәкқәа рзыаус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа
Ажәла, ахьӡ, абхьӡ; аусурҭа ҭыԥи амаҵзуратә ҭыԥи; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; аинырраз ателефон аномер.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа.
Аиқәшаҳаҭра адкылара иазырхо аусурақәа, иара убасгьы аиқәшаҳаҭра анагӡара (иарбанызаалак аиқәшаҳаҭра ахкы).
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара.
Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵаанӡа, аиқәшаҳаҭра аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.
Аиқәшаҳаҭра анынҵәа ашьҭахь имҩаԥгахоит аҩныҵҟатә архивтә ҵәахрахьы аиқәшаҳаҭра анашьҭра. Аиқәшаҳаҭра аҵәахра аҿҳәара ҳәаақәҵахоит аусқәа аҩныҵҟатәи рноменклатурала, ахархәара змоу азакәанԥҵара аҭахрақәа инарықәыршәаны.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара ауам.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра мацараҟны.
5.3.4. АИХқәа русура аҳәаа иҭагӡаны аматериалқәа рымҩаԥгара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара ахықәкқәа
АИХқәа русура амҩаԥгара.
Иарбоу ахықәказы аусздыруыло ахаҭаратә дыррақәа
Ажәла, ахьӡ, абхьӡ; аусурҭа ҭыԥи амаҵзуратә ҭыԥи; афотосахьа; аинтервиу аудиоҭаҩра; аинтервиу ма ақәгылара авидеоҭаҩра; анысмҩа; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; аинырраз ателефон аномер; аинтернет-мессенџьерқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны аимадаратә дыррақәа.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа
Азакәантә интерес.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдулараан напхгаганы иҟаҳҵоит азакәантә интересқәа, егьырҭ иарбанызаалак аҵаҵӷәқәа ари аҭагылазаашьаҟны ахархәара ахьрымам азы. Ҳусура шьаҭаны иамоуп ауаажәларратә ԥсҭазаара еиуеиԥшым аусхкқәа рыхҭысқәа оперативла рызхьаԥшра, дара ажәабжьтә материалқәа рформала рцәыргара. АИХқәа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны аматериал аиҿкаараан ахархәара рыҭахар ҟалоит ахаҭаратә дыррақәа, урҭ ахаҭаратә дыррақәа зегьы ирдырыртә иҟалоит, уи – ахатәхаҿы изинқәеи ихақәиҭрақәеи еиланагом, ҳақәгәыӷуеит усеиԥш шакәу азы адырра шәымоуп ҳәа.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара
АИХқәа ржурналисттә усура амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҿҳәараданы.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара ауам.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра мацараҟны.
5.3.5. АИХқәа рхаҭарнакцәа азынашьҭрақәа рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара ахықәкы.
Ажәабжьтә зынашьҭрақәа рымҩаԥгара.
Иарбоу ахықәкы азыаус здыруыло ахаҭаратә дыррақәа.
Ажәла, ахьӡ, абхьӡ; аусурҭа аҭыԥ; аинырраз ателефон аномер; аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа; атәыла.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдуларазы азакәантә ҵаҵӷәқәа.
Шәара шәақәшаҳаҭра.
Ахаҭаратә дыррақәа рыҵәахра аҿҳәара.
Шәақәшаҳаҭра архынҳәраҟынӡа.
Ақәшаҳаҭра архынҳәышьа аԥҟара арбоуп "Ақәшаҳаҭра архынҳәраз азин" апункт 8.7. аҟны.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара ауам.
Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыҭара.
Ахаҭаратә дыррақәа аусрыдуылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыра мацараҟны.
6. Ахаҭалатә ӡбарақәа ахала рыдкылара аформаҭарагьы налаҵаны.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусзрыдаауыло ҳхықәкқәа рынагӡаразы ахаҭалатә ӡбарақәа ҳхала иҳадаҳкылом аформаҭарагьы налаҵаны.
7. Ахаҭаратә дыррақәа рықәгара
Ахаҭаратә дыррақәа рықәгара алшоит урҭ рыҵәахра аҿҳәара ааизар мааиқәшаҳаҭра ԥыргазар, мамзаргьы ахархәара змоу азакәанԥҵара иазыԥхьагәанамҭо аҽа ҭагылазаашьақәак раан. Иара убасгьы ахаҭаратә дыррақәа ықәгахоит урҭииашамкәа аус шрыдуылаз аарԥшхар.
8. Шәара шәзинқәа
8.1. Шәара шәзы аинформациа аиура азин
Ҳара ҳҟынтәи шәара азин шәымоуп шәара шәхаҭаратә дыррақәа аусшрыдаауыло азы аинформациа шәоурц: аусадулара зымҩаԥысуа ахықәкы, акатегориа, изауа и(р)категориа егьырҭ атәылақәеи ма жәларбжьаратәи аиҿкаарқәеи налаҵаны, аҵәахра аҿҳәара аус адулара аҭагылазаашьақәа раанкылара, ахаҭаратә дыррақәа роура ахыҵхырҭа.
Шәара азин шәымоуп ҳара ҳҟынтәи ишәоурц шәхаҭаратә дыррақәа рҟны инарҭбаан ахархәара змоу, електронтә ҟазшьала аусздаауыло аформат аеелектронтә копиа, ари азыазин ахархәара змоу азакәанԥҵара иҳәаақәнаҵозар.
8.2. Шәхаҭаратә дыррақәа рыриашаразы азин
Шәхаҭаратә дыррақәа иашамзар, ихарҭәаамзар ма иажәхьазар, шәара азин шәымоуп иҳадышәҵарц аамҭа мгакәа ҳхала иҳариашарц, иаҳҳәап ахатә кабинет ақәыргыламҭақәа рҿы.
Шәхаҭаратә дыррақәа анҳариашалак ашьҭахь уи азыадырра шәаҳҭоит.
8.3. Шәхаҭаратә дыррақәа рықәгаразы азин
Шәара азин шәымоуп иҳадышәҵарц шәхаҭаратә дыррақәа ԥкырада иқәаагарц маиахьауа аҭыԥ аҿы – ахатә кабинет ақәыргыламҭақәа рҿы шәхала иқәыжәгарц.
Шәхаҭаратә дыррақәа рықәгара ҳара иаҳзалмыршозар, шәхаҭаратә дыррақәа зтәу ишьақәыргылара алымшартә аиԥш аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит, ихаҿыдаҳтәуеит.
Ақәгара ма ахаҿыдатәра ашьҭахь асеиԥш шыҟоу азы адырра шәаҳҭоит.
8.4. Аус адулара аԥкра азин
Шәара ишәымоуп азин шәхаҭаратә дыррақәа ԥаҳкырц азы адҵаҟаҵара жәуыр. Ари азин ахархәара шәылшоит абарҭ аҭагылазаашьақәа раан:
1) ахаҭаратә дыррақәа риашара иамашәкыр алшоит арҭ адыррақәа риашара агәаҭара ахьынӡаҳалшо аамҭа аҩныҵҟа;
2) аус адулара иашамкәа имҩаԥган, шәара шәхаҭаратә дыррақәа рықәгара шәаҿагылоит аха урҭ рхархәара ԥкызарц аҳәара ҟашәҵоит;
3) аус адулара ахықәказы шәхаҭаратә дыррақәа ҳҭахны ҳаҟам, аха дара хымԥадатәиуп шәара шәзы – аиуристтә ҭахрақәа рымҩаԥгара ма рыхьчара рзы;
4) шәара аусадулара мап ацәышәкуеит шәара шәҵаҵӷәқәа ҳара ҳҵаҵӷәқәа ишреиҳам ашьақәыргылараҟынӡа.
Шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдулараз аԥкыра алагалахар, аус адулара апроцесс аанаҳкылоит, аха убри аан шәхаҭаратә дыррақәа ҵәахны иҳамазаауеит.
Шәара азин шәымоуп шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдулара аԥкыра рхышәхырц ианышәҭаххалак аамаҭзы, "Аимадарақәа" аҟәша 13 аҟны ишарбоу аиԥш азыҳәа анашьҭрала.
8.5. Адыррақәа риагаразы азин
Шәара азин шәымоуп шәхаҭаратә дыррақәа шәоурц иструктуратәу ма машьынкала икьыԥхьу аформат алаиара убасгьы азин шәымоуп арҭ адыррақәа аҽа еиҿкаарак иазынашәышьҭыр.
Абри азин шәхы архәара шәара ишәылшоит шәхаҭаратә дыррақәа аелектронтә ҟазшьала аус аусанрыдыруыло, шәара уимап анацәышәымкуа машәнапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра ашьаҭала, уи азин ахархәара змоу азакәанԥҵара ианҳәаақәнаҵо, атехникатә ҟазшьалагьы ахархәара аналшо.
8.6. Мап акразы азин
Шәара иарбанызаалак аамҭазы азин шәымоуп ишьаҭаркны шәхаҭаратә дыррақәа аусшрыдыруыло шәаҿагылар–абарҭқәа раан: В
1) ауаажәларратә интересқәа рынагӡаразы ма шәара шәнапы ианҵо аофициалтә зинмчқәа рымҩаԥгараан;
2) ҳара маахԥатәи аган иҳамоу азакәаншьаҭа змоу аинтересқәа раан, арҭ аинтересқәа шәара шәхақәиҭрақәеи шәзинқәеи рыхьчаразы ианхымԥадатәиу ада.
Ҳара, шәара шәхаҭаратә дыррақәа аус рыдаауылом, урҭ аус рыдуларазы зыгәра жәгаша азакәаншьаҭақәа ҳамамкәа.
Шәара иара убасгьы иарбанызаалак аамҭазы ишәылшоит шәхаҭаратә дыррақәа аусрыдулара мап ацәышәкыр амаркетинг амҩаԥгара хықәкны иҟаҵаны, асеиԥш аҿагылара ахархәара змоу азакәанԥҵара иҳәаақәнаҵаны иҟазар.
8.7. Ақәшаҳаҭра архынҳәразы азин
Шәара шәзы адыррақәа шәара шәақәшаҳаҭны аусрыдыруылозар, шәара азин шәымоуп асеиԥштәи ақәшаҳаҭра архынҳәразы. Ҳара арқәшаҳаҭра архынҳәра наҳагӡоит:
1) ақәшаҳаҭра архынҳәра email-нашьҭрала имҩаԥганы.
Ақәшаҳаҭра архынҳәра шәылшоит абасеиԥштәи аҟазшьақәа рыла:
a) иарбанызаалак инаушьҭуа ашәҟәаҿы иарбоу аҭагала "Амапкра" ала;
b) email-нашьҭара аҭактә шәҟәы ала;
c) анашьҭрақәа рхархәага аҿыганы, уи ахаҭатә кабинет ахархәагақәа рҟны иалшоны иҟазар.
2) асаит аҿыахатә кабинет аҟынтәи ахаҭаратә дыррақәа аусрыдулара архынҳәрала.
Иҟашәҵахьаз ақәшаҳаҭра архынҳәра шәылшоит:
a) асаит ахатә кабинет ахархәагақәа рҟынтә аккаунт ақәгарала(азхьарԥш "аккаунт ақәгара" аҟәша "архиагақәа");
b) "Аимадарақәа" аҟәша 13 аҟны иарбо азыҳәа ҳзаашьҭрала.
3) Сookie аус адуларазы ақәшаҳаҭра мап ацәкны (Сookie аус адулара мапацәкра).
Ақәшаҳаҭра мап ацәкра (аус адулара мап ацәкра) шәара ишәылшоит шәәхаҭаратә дыррақәа аус рыдулара аанкыларала, асаит аҟны уи ашьҭазаарала ма cookie ахархәаразы Аполитикаҿы иарбо аинструкциала. cookie афаилқәа рыхкы иахьырԥшны дара рхала иқәҵыр ауеит шәыбраузер анаркха ашьҭахь. Ахалақәҵра азыԥхьагәаҭаны иҟамзар, аус адулара аанкылахоит ақәшаҳаҭра аншәырхынҳә ашьҭахь.
4) аинформациатә ресурсқәа ирыҵарымку ахықәкқәа рзыахаҭаратә дыррақәа аусрыдулараз ақәшаҳаҭара архынҳәраан.
Иҟашәҵахьо ақәшаҳаҭра архынҳәра азин шәымоуп "Аимадарақәа" аҟәша 13 аҟны иарбо аҟазшьала азыҳәа ҳзаашәышьҭыр.
8.8. Ахылаԥшратә усбарҭа ахь ашшыԥхьыӡ анашьҭразы азин
Шәара азин шәымоуп ахылаԥшратә усбарҭахь ашшыԥхьыӡ нашәышьҭырц ҳара шәара шәхаҭаратә дыррақәа аусшрыдаауыло, ишаҳахьчо, шәзинқәа ҳашрыҵагылло азы агәыҩбара шәымазар.
Шәара Урыстәылатәи Афедерациа шәатәылауаҩызар, ма Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟны шәыҟазар ахылаԥшратә Усбарҭа аконтактқәа шәыԥшаара алшоит асаит аҟны.
Шәара Европатәи Аидгыла шәатәылауаҩызар ма Европатәи Аидгыла аҵакыраҿы шәыҟазар адыррақәа рыхьчаразы Европатәи ахеилак асаит аҟны ахылаԥшратә Усбарҭа аконтактқәа шәыԥшаара шәылшоит.
Европатәи Аидгылахь иаҵанамкуа аҳәынҭқарра шәатәылауаҩызар, ма аҽа ҳәынҭқаррак аҵакыраҿы шәыҟазар, ахылаԥшратә Усбарҭа аконтактқәа шәдырырц шәылшоит ари аҳәынҭқарра азинмч змоу ахылаԥшратә Усбарҭа аофициалтә саит аҟны.
8.9. Адыррақәа рсубиект аидентификациазы аинформациа цҵазы азыҳәа
Шәзинқәа рыхьчаразы иаашәышьҭыз адыррақәа азымхозар, ҳара аинформациа цҵақәа ҳзыҟашәҵарц азыҳәа шәзынаҳашьҭыр алшоит, шәхаҭара ашьақәыргылара хықәкны иҟаҵаны. Ҳара азыҳәа наҳашьҭуеит излалшо ала ирмаҷны, ихымԥадатәиу аинформациа ҳауырц азы. Аинформациа цҵа ҳашәымҭар, ҳара шәара шәзинқәа ҳзынагӡаӡом. Шәара шәзинқәа абри азыҳәала еилаҳгоит ҳәа агәаанагара шәыманы шәҟалар, ахылаԥшратә усбарҭахь абри аганахь ала ашшыԥхьаӡ нашәышьҭыр ҟалоит.
8.10. Шәзинқәа рзы аинформациа аиушьа
Шәара шәзинқәа рынагӡара иадҳәало аинформациа хәыдаԥсадоуп. Иҟашәҵаз азыҳәа ҵаҵӷәыдазар ма иахырҟьазар аҭак ҟаҳамҵар алшоит мамзаргьы азыҳәа ззыҟашәҵо аинформациа азы аԥара ылаҳгар ауеит.
8.11. Шәзинқәа шәхы иашәырхәар шшәылшо
Шәзинқәа рхархәаразы абарҭ аҭагылазаашьақәа шәыдаагалоит:
1) Шәара шәхаҭаратә дыррақәа рыхьчара иадҳәало шәзыҳәа ҳзыҟаҵараан, ишәылшоит асаит аҟны иарбо аимадара-хнырҳә аформа шәхы иашәырхәар;
2) иалшоны иҟазар шәара шәзинқәа ахрархәара шәылшоит ахатә кабинет афункционал ала;
3) еиҳа ихьанҭоу азҵаарақәа рганахь ала шәара ишәымоуп алшара адыррақәа рыхьчаразы аҭакԥхықәра змоу ахаҿы инырра, "Аимадарақәа" аҟәша 13 аҟны ишарбо аҭагылазаашьала.
8.12. Ианбаҳалшои шәара шәзинқәа рынагӡара
Ахархәара змоу азакәанԥҵара аҭахрала ҳара иҳалшоит шәҭакԥхықәреи шәзинқәеи рхышәаҵышәа аиҵатәра.
Арҭ аԥкырақәа ахархәара рыҭахар алшоит шәхаҭаратә дыррақәа аус рыдыруылозар:
1) амилаҭтә шәарҭадара аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны;
2) ахьчаразы;
3) ауаажәларратә шәарҭадаразы;
4) ахаҿы иганахь ала заанаҵтәи агәаҭара, аҭҵаара, ихаҭара ашьақәыргылара ма ашьаустә цәгьоурақәа рымҩаԥгараз ишьҭазаареи ашьаустә цәгьоурақәеи рзы, ауаажәларратә шәарҭадара ахьчареи аԥырҟәҟәаареи рхықәкала;
5) егьырҭ аҵакы змоу ахықәкқәа рзы – аҳәынҭқарраз ауаажәларратә интерес змоу змоу, хаҭала аекономикатә ма афинанстә интересқәа, аԥаратә, абиуџьеттә, ашәхатә зҵаарақәа, агәабзиарахьчара, асоциалтә еиқәыршәара ирыҵаркуа;
6) аӡбарҭеи аӡбараеиҿкаареи рхьыԥшымра ахьчаразы;
7) иҭышәындыртәало азанааҭқәа ретика аилагара аԥырҟәҟәаара, аҭҵаара, аарԥшра рзы;
8) аофициалтә зинмчрақәа рымҩаԥгаразы амониторинг, аинспекциа рфункциақәа рымҩаԥгараан;
9) шәареи егьырҭ ахаҿқәа шәзинқәеи шәхақәиҭрақәеи рыхьчаразы;
10) аграждан-зинтә зашшарқәеи аӡбарҭақәа рыӡыбрақәеи рынагӡаразы азин амазаара алыршараан.
Иара убасгьы зинқәак рынагӡаразы иҟоуп аҭагылазаашьа ҷыдақәа, зынагӡарада азин ахархәара амам:
Ақәгара азин азы аҷыдалкаақәа:
1) агәаанагареи аинформациеи раарԥшраз ахақәиҭра амазаараз;
2) аиурист ҭакԥхықәра анагӡара – ззы ахархәара змоу азакәанԥҵара, ма инарыгӡо аусдҵақәа, ма ахархәара змоу азакәанԥҵара иҳаднаҵаз аофициалтә зинмчра амҩаԥгареи ауаажәларратә интересқәеи рзы аусдулара аҭахны иҟоу;
3) ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҟны ауаажәларратә интерес аҵаҵӷәала;
4) ауаажәларратә интирес архивркра хықәкны иҟаҵаны, аҭҵаарадырратә ма аҭоурыхтә ҭҵаарақәа хықәкны иҟаҵаны, ма астатистикатә ҭагылазаашьақәа хықәкны иҟаҵаны;
5) аӡбарҭатә зашшарқәа рхацыркра, рымҩаԥгара ма рыхьчара.
Аусдулара аԥкразы азин аҷыдалкаақәа:
1) шәара шәақәшаҳаҭрала аиурист ҭахрақәа рышьақәыргылара, рымҩаԥгара ма рыхьчара;
2) аҽа хатәхаҿык ма иурист хаҿык рзинқәа рыхьчаразы;
3) аҳәынҭқарра азакәаншьаҭа змоу ауаажәларратә интиресқәа рышьҭазаара ахықәказы.
Шәара шәзыҳәа инақәыршәаны шәзинқәа ҳзымыхьчозар иҵаҵӷәыркны иҟоу аҭак шәзынаҳашьҭуеит усеиԥш зҳалымшо азы.
9. Cookie-и алог ахалаҭаҩреи
Аполитика апункт 5.2. аҟны иарбо ахықәкқәа рынагӡаразы ҳара ҳхы иаҳархәоит cookie атехнологиақәеи адыррақәа ахала логҭаҩра рыҭареи.
Сookie афаил — ари идуум тексттә фаилуп, ахархәагаҿ (акомпиутер, апланшет, асмартфон у.у.е.) рҿы иҭаҩуп.
Алог ахалаҭаҩра лог-фаил иахкуп, ҳхы иаҳархәоит авеб-серверқәеи ашәарҭадаратә системеи рҿы.
Арҭ адыррақәа аус рыдуылара азырхоуп ҳсаит ашәарҭадара аиҿкаара мацара, иара убасгьы иара аусура аиӷьтәра.
Ҳара ҳхы иаҳархәом шәара шәхаҭара аидентификациаз адыррақәа, иҳамоу адыррақәа егьырҭ адыррақәа ирыдаҳҳәалом, иаԥаҳҵом ахархәаҩцәа рхатә профильқәа.
Атехнологиатә дыррақәа ҳхы ишаҳархәо адырразы аинформациа шәыԥшаар шәылшоит Cookie ахархәараз Аполитикаҿ.
10. Ахаҭаратә дыррақәа ахԥатәи атәылақәа рахь рынашьҭра агарантиақәа рзы аинформациа
Ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара аҩаӡара ҳарак ахьамам атәылақәа иреиуоу атәыла аконтрагентцәа рнырраан ҳара ҳхы иаҳархәоит истандарттәу аиқәшаҳаҭрақәа – Европатәи Акомиссиеи, Роскомнадзори, амилаҭтә закәанԥҵареи иҳабжьырго. Шәара шәхаҭаратә дыррақәа рыхьчаразы ҳара ҳхы иаҳархәоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа ашәарҭадареи аконфеденциалреи иреиӷьу рыпрактикақәа инарықәыршәаны. Ҳара ҳхы иаҳархәоит шәара шәинформациа ахьчаразы агәҽанызаарақәа.
11. Адыррақәа ршәарҭадара
Ҳара еизааго, иаҳҵәахуа ахаҭаратә дыррақәа конфиденциалтә информациоуп ҳәа иаҳшьоит. Дара ацәыхьчоуп аԥсахра ма аӡра, зинда раартра. Уи азы ҳара ҳхы иаҳархәоит атехникатә хархәагақәеи аиҿкааратә уснагӡатәқәеи. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа адыррақәа рыхьчараз асистема еиӷьаҳтәуеит.
Ҳара, адыррақәа рыхьчара ахәшьаразы апроцедурақәа мҩаԥаагоит, аус адулараан шәара шәзы шәарҭарак зҵоу аҭагылазаашьақәа раарԥшразы. Иааҳарԥшуа ашәарҭарақәа иахьынӡалшо еиҵаҳтәуеит ахьчаразы атехникатәи аиҿкааратәи уснагӡатәқәа рхархәарала.
Шәара аҭакԥхықәра шәыдуп, асаит аҟны ишәоуа шәҳасаббаратә ҭаҩраз ишәаҳҭо апароль ахьчаразы. Ари апароль маӡазароуп, аҽа хаҿык иҭара азин ыҟам.
12. Аполитика аԥсахра
Ҳара иҳамоуп азин Аполитика аԥсахразы.
Аполитикахь иҟалар зылшо аԥсахрақәа рзы адырра шәаҳҭалоит, уи азы ҳалшарақәа ҳхы иархәаны (аҭаҩраан иашәырбаз аелектронтә ԥошьҭала; ҳсаит ала).
Ҳшәыҳәоит Аполитика аԥсахрақәа еснагь азхьаԥшра рзыҟашәҵаларц.
13. Аимадарақәа
Ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара иадҳәаланы аҳәамаҭқәа ҳзааашьҭраз шәхы иашәырхәар шәылшоит аимадара-рхынҳә аформа.
Ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара иадҳәало азҵаара хадақәа рзы шәара ишәылшоит адыррақәа рыхьчаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿы хаҭала шәинырыр, аелектронтә ԥошьҭа ахархәарала:
Ихьӡ: Дмитри
Ижәла: Наимушин
Аелектронтә ԥошьҭа аҭыӡҭа: privacy@sputniknews.com
Иазгәаҳҭоит иарбоу аимадаратә дыррақәа ахархәара шрылшо ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара азҵаарақәа мацара рганахь ала. Ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара иадҳәалам егьырҭ азҵаарақәа ирыхәаԥшхом.
Ахаҭаратә дыррақәа рыхьчара азҵаара иадҳәалам егьырҭ азҵаарақәа рзы ахархәара ашәҭарц ҳшәыҳәоит Амаҵзура аимадарақәа рсиа.
Азхьаԥш! Ииашаны иалышәхла ахазырхаратә форма, аҟәша – зинтерес шәымоу шәтема иахьырԥшны. Ииашамкәа аҟәшалхраан шәзыҳәа аҭак амоур ҟалоит, избанзар ҟәшацыԥхьаӡа дасу рхатә компетенциа аҳәаақәа ирҭакноуп аусура шымҩаԥырго.
23.01.2023
Ажәабжьқәа зегьы
0