АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра ҩыџьа аанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳазалхыҩцәа длаԥшықәырҵеит аҳәаа иахысуаз, ашәыра хьанҭа зыбӷа иқәыз ахаҵа. Даанкылан иеидара ангәарҭа ашьҭахь ирбеит еиуеиԥшым аметалл хкқәа.
Абри ашьҭахь ҩбаҟа сааҭ ааҵуаны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә хәҭала имҩасраан даанкылан маланыҟәала ицоз аҽа хаҵак. Уи амаланыҟәа иақәҵаны аҳәаа иахигон аметалл иалхыз амаҭәарқәа.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Владимир Бондаренко ишиҳәаз ала, аурыс-аԥсуа ҳәаа акоммерциатә хықәкы рыманы иахырго атауар хымԥада ҩыралатәи адекларациа рыцзароуп. Атәылауаа ишьақәыргылоу аԥҟарала адекларациа хазмырҭәаауа, административтә зинеилагара мҩаԥыргоит.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа абарҭ ахаҿқәа рганахь ала аусҭҵаара хацдыркит.