Урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик: нанҳәа

Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 2020 шықәса инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәытә шәарақәа абанктә хсаалагақәа ирхымԥхьаӡалакәа абанктә кассақәа рҟынтәи рыҭара иалагеит.

Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аграфик есымза еиқәнаршәоит.

Нанҳәамзатәи урыстәылатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, нанҳәа 16, 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа, нанҳәа 18, 19, 20 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз, нанҳәа 23, 24 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз, нанҳәа 25, 27 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз, нанҳәа 31, цәыббра 1 - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз, цәыббра 2 рзы - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.

2020 шықәса ԥхынгәымза анҵәамҭазы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба адырра ҟаиҵеит нанҳәамза инаркны урыстәылатәии аԥснытәии атәанчахәқәа Аҵәахырҭатә банк акассақәа рыла ршара ишалаго.

Жәабран 8 инаркны аԥсуа тәанчахәы мацара зауа атәанчаҩцәа аԥара роуеит абанкоматқәа рҟынтәи абанктә хсаалагақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0