Урыстәыла аҵара аминистр "Ты супер!" алахәылацәа адгылара рзылуит

© PR НТВУрыстәыла аҵара аминистр "Ты супер!" алахәылацәа адгылара рзылуит
Урыстәыла аҵара аминистр Ты супер! алахәылацәа адгылара рзылуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашоу "Ты супер" афинал ааигәахеит, убри инамаданы Урыстәыла аҵара аминистр Ольга Иури-иԥҳа Васильева "Ты супер!" алахәылацәа адгылара рзылуит.

АҞӘА, лаҵарамза 24 – Sputnik. Лаҵарамза 20 рзы НТВ аҟны идырбан ахәыҷтәы вокалтә шоу афиналбжатә еицлабрақәа аҵыхәтәантәи ретап. Аконкурс "Ты супер!" мҩаԥысуанаҵы Урыстәылатәи Афедерациа аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра апроект адгылара анаҭон. Афинал аламҭалазы ашәаҳәаҩцәа қәаԥшқәа рахь дааиит Урыстәыла аҵара аминистр Ольга Иури-иԥҳа Васильева.

Лора Миқааԥҳаи Ҵәыџьԥҳа Ликеи - Sputnik Аҧсны
Арадио
Очамчыратәи ашкол-интернат адиректор: Лера ахәыҷқәа зегьы даарылукааратәы дыҟоуп

"Аиашаз сара ателешоуқәа даарак бзиа избаӡом, аха ари аконкурс аҽакы еиԥшым. Араҟа зыӡбахә уаҳауа ахәыҷқәа рҭоурыхқәа угәы удырхьуеит. Агәахәара снаҭоит асеиԥш лахьынҵаны изауз ахәыҷқәа рхала ишыҟам агәра дзырго ауаа еиҳа-еиҳа иахьырацәаҩхо. Ҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп ателеканал ахь схы нарханы, ҳтәыла мацара акәымкәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәгьы иреиӷьӡаз ахәыҷқәа алыԥшааны рхы ӡырыргартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьырнаҭаз", — лҳәеит Васильева.

Аконкурс "Ты супер!" мҩаԥысуанаҵы 70-ҩык рҟынӡа еицырдыруа артистцәа, аспортсменцәа, актиорцәа арахь иааиит ашоу алахәылацәа адгылара рырҭарц.

Афинал аан аконкурсантцәа ирывагылоит урҭ рҩызцәа: Стас Пиеха, Иолка, Виктор Дробыш, Маргарита Суханкина, Игорь Крутои, Сосо Павлиашвили, Константин Мелаӡе, Вера Брежнева, Анне Веске, Слава, Тамара Гвердцители, Роза Рымбаева, Валериа, MBand, Зара, Даниил Плужников, Arsenium. Афинал аан ахәаԥшыҩцәа ироуеит алшара ашәаҳәаҩцәа дуқәеи алахәылацәеи реицықәгылара абара. Лаҵарамза 20 рзы ихацыркхеит SMS абжьыҭира аҩбатәи аетап. Абжьқәа рыдыркылоит лаҵарамза 26, асааҭ 12:00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0