Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гамсаниаԥҳа аицлабра "Аԥсны агәадура" азы: амаҵураҿы зхы аазырԥшыша аҿар шыҟоу ҳнарбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭмма Гамисония
Эмма Гамисония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, аицлабра "Аԥсны агәадура" алԥшааратә комиссиа алахәыла Емма Гамсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара иалахәыз рдыррақәа рзы.

Анапхгаҩцәа ҿарацәа реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҩбатәи аетап хыркәшахеит. Иара аихшьаалақәа рыла афинал ахь инеит 25-ҩык. Аицлабра мҩаԥысуан нанҳәа 11 - 12 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

Гамсаниаԥҳа аицлабра "Аԥсны агәадура" азы: амаҵураҿы зхы аазырԥшыша аҿар шыҟоу ҳнарбеит

"Ибзиоу проектуп ("Аԥсны агәадуура" - аред.), аҿар еиднакылоит, рдырра ацәыргаразы алшара рнаҭоит. Аҩбатәи ахәҭаҿы инхаз 50-ҩык аҩыра иахысуан, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыҭан аполитика, аекономика, азеиԥшдырра ирыдҳәалаз. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа иалгахьоу зегьы рдырра аадырԥшыр рылшон. Ихәыдаз, зыхшыҩ маҷыз ҳәа иҟаӡам, аҿар азыҟаҵоуп. Аҵара зҵаз, аҵараиурҭақәа ирылгаз, аус зуазгьы изымуазгьы алахәын, ргәаанагарақәа бзиаӡаны иаадырԥшит. Ҳәарада, аиндаҭлара ахьыҟоу аӡәы иаҳа абалл иауеит, егьырҭ иаҳа имаҷны. Еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи иҟаз аҿар иҳаракыз адырра аадырԥшит. Иҟоуп ахԥатәи аетап, уаҟа инхаз 25-ҩык рҟынтәи хәҩык алкаахоит. Еиуеиԥшым аусурҭа ҭыԥқәа роурц аиҳабыра, ахада дырхаҵгылоит, иреиӷьӡоу хәҩык нхаратәы. Еиуеиԥшым ахырхарҭала аспециалистцәа цәырнагеит абри аиндаҭлара имҩаԥысуа аԥхьагылара змоу аҿар ҳәа. Иаҳҳәар ҳалшоит, Аԥсны иҟоу зегьы рымҽхак ыҟамзаргьы иуҭаххаша аҳәынҭқарра амаҵураҿы зхы аазырԥшыр зылшо аҿар шҳамоу аиндаҭлара ибзианы иаҳнарбеит", - лҳәеит Гамсаниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0