Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр дҭахеит ауаҩы дшеиқәирхоз

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая поездка президента В. Путина в Челябинскую область и Республику Башкортостан
Рабочая поездка президента В. Путина в Челябинскую область и Республику Башкортостан - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Евгени Зиничев 55 шықәса дырҭагылан. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра дахагылан хышықәса раахыс.
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Урыстәыла АҶА аиҳабы Евгени Зиничев имаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан машәырла дҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.  
"Урыстәыла АҶА гәалсрыла адырра ҟанаҵоит Евгени Зиничев имаҵзуратә уалԥшьа анагӡараан машәырла дышҭахаз, арктикатә зонаҿ аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа рҟны ауаҩԥсы деиқәырхо", - ҳәа рҳәеит аминистрраҟны.
Telegram аҟны ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан  илыҩуеит аҽазыҟаҵарақәа раан Зиничеви аоператори аҿҟьара ахықә ишықәгылаз.
"Аоператор днықәҵәраан аӡы далаҳаит. Иҟаз рацәаҩын, аха иаразнакы аӡәгьы игәааимыгӡаӡеит иҟаҵатәыз. Зиничев хыла аӡы дасит, ахаҳәгьы данҟьеит", - ҳәа лыҩуеит Симониан.
Зиничев диит нанҳәа 18, 1966 шықәсазы Ленинград. Санкт-Петербургтәи абизнеси азини ринститут аекономикатә факультети афинансқәеи акредитқәеи рфакультети дрылгеит. 2013 гшықәсазы  Урыстәыла арратә мчрақәа рыштаб хадаҿы азанааҭтә ҽазыҟаҵара дахысит.
1984-1986шықәсқәа рзы Аҩадатәи афлот аҿы аррамаҵзура дахысит.  1987-2015 шықәсақәа рзы аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рҿы аус иуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0