Ашәахьанӡа ҳазнаӡанда, мамзаргьы ахәышәтәырҭаҿы аԥсшьарамшқәа рзы зҵаарақәак

© Fotolia / Narong JongsirikulАҳақьыми ачымазаҩи
Аҳақьыми ачымазаҩи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа дазааҭгылоит аԥсшьарамшқәа рзы ахәышәтәырҭақәа рыҟны иуҭаху аҳақьым иԥшаара иацу ауадаҩрақәа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Иҟоума игәазымҭац асабшеи амҽышеи аԥсҭазаара аанкылазшәа ишымҩаԥысуа Аԥсны? Аԥсҭазаара еиҳа еилашыҩкны иахьыҟоу ҳаҳҭнықалақь Аҟәа аҟынгьы убасҵәҟьа зегь ҭынчрахоит. Аԥсшьара бзиа избо изы уи, ҳәарада, қьафуроуп, аха иара аԥсшьарамшгьы доуҳатә гәырҭәрала иухугар ҟамларыз, аха ҳкультуратә

Ахәыҷтәы поликлиника - Sputnik Аҧсны
Апедиатр хада: аҳақьымцәа разымхара ҳныԥшуеит

"гәашәқәагьы" асабшеи амҽышеи иаркуп. Уи иара ахатә мзызқәа амоуп, ҳәарада, аха аусурантәи аҩнынӡа снаӡанда ҳәа иццакуа ауаҩы изы (ус еиԥш иҟоу маҷым ҳәоуп сшыҟоу) иаҳа иманшәалахон аԥсшьара мшқәа рзы акультуратә хәышҭаарақәа рҭаара.

Иџьоушьаша, иара ахәыҷқәа рырхәмарырҭатә центрқәагьы асабшеи амҽышеи аус змуқәо ыҟоуп. Ажәакала, хәмаррак аҿын ишәҳәоу еиԥш "ақалақь ацәа инҭанагалоит…".

Еиҳа иуадаҩу даҽа зҵаарак ыҟоуп аԥсшьарамшқәа рзы: ашәахьанӡа смычмазаҩханда. Ачымазара ианакәызаалакгьы ибзиам, изҭахыда, аха асабшеи амҽышеи, ма егьырҭ аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи рзы уи ҳамԥан иқәымлонда ҳәа Анцәа уиҳәалароуп. Ахшароура иазыԥшу ракәзар, абарҭ аԥсшьарамшқәа рзы ак ҳмыхьуандаз ҳәа игәаҟуеит.

Хымԥада, уаҩытәыҩсак иаҳасабала еилукаауеит зегь рыԥсы аныршьо егьырҭгьы аԥсшьара шырҭаху, аха иҟоуп аԥсшьара аамҭа ззымдыруа азанааҭқәа. Мап, дара аҳақьымцәа аԥсшьарақәа неимда-ааимдо аус руеит, аха иҟоуп зышә ыҵарбаҟа иарку ауадақәа, ашәахьанӡа уззыԥшыр акәу. Усҟан знапы уанхалаз ахәышәтәҩы "ибла нтгензароуп" ашәахьанӡа иузиуша иӡбарц азы.

Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ирылацәажәан - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа Аԥсны ауалқәа ирылацәажәан

Реиҳа џьашьахәыс иҟоу, аҳақьыми ачымазаҩи еизааигәазар анакәу, ҳара ҳҟны урҭ рҟынӡа анаӡара уадаҩуп: аусурамш азы усгьы еилахоуп, аԥсшьарамш азы ҳаԥсы ҳшьароуп ргәахәуазар акәхап. Хымԥада, зегь ҵәаӷәак рхьушьыртә иҟам, аха аҭагылазаашьа еиӷьындаз ҳәа уазхәыцыртә иҟоуп.

Адуцәа рҿы еиҭа ак ыҟазаргьы, еиҳа иманшәалам ҭагылазаашьоуп ахәыҷтәы хәышәтәырҭақәа рҿы. Ахәыҷтәы поликлиника аҟны акәзар, 9:00 инаркны 11:00, зны 12:00 рҟынӡа мацароуп аус аныруа, арахь ҭыԥла зҿын уқәгылоу ахәышәтәҩы уизасырц уалагар, иҭел "ашәахьанӡа уааԥшы" аҳәоит, мамзаргьы, зеижәымзар ҩажәа  ҳәа, аҩажәантә раан ишьҭырхыр ҟалоит (дырҩегь зегь еиласҵом, аха иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы ус еиԥш ианиаз среиуоуп сара, среиуоуп зысҳәо ашьҭахь ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿ саннеи ус еиԥш зыхьыз рхыԥхьаӡара шырацәаз збеит).

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны аҵәыҵәрии арацәаҵәыҵәытә гази рынашьҭра асистема - Sputnik Аҧсны
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аҵәыҵәрии арацәаҵәыҵәытә гази рсистема аԥырҵеит

Ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҟны аԥсшьарамшгьы аусурамш иаҩызоуп, уи аԥсшьарамш азы аусура зықәшәо аџьшьара рыҭалатәуп, избанзар адкыларҭаҿы иҟоу ҳақьымки ицхырааҩки роуп, убри аан ацхыраара зҭахны инеиуа рхыԥхьаӡара акыр ирацәоуп. Избанзар, шамахамзар егьырҭ араионқәа рҟынтәигьы аҳҭнықалақь ахәышәтәырҭахь иаауа рацәоуп, иара ақалақь аҿы иҟоу усгьы акоуп. Аха араҟагьы "ашәахьанӡа ҳазнеиндаз" ҳәоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Иуоуа азеиԥш цхыраароуп, аха уи анаҩс иҷыдоу цхыраарак уҭахызар, ашәахьанӡа ушьҭаҵаны урымоуп. (Ушьҭоуп иаанагаӡом урхәышәтәуеит!).

Аԥсшьарамшқәа рзы аҭагылазаашьа ас еиԥш иахьыҟоу Аԥсны мацарагь акәымхап, аха изныкымкәа Аԥсны анҭыҵ ицахьоу лаҳасаб ала, исгәаԥхо дара рҭел "ашәахьанӡа уԥшы" аҳәаӡом, еснагь, иарбан аамҭазаалакгьы, аҭак унаҭоит, ацхыраара иазыхиоуп зегь рыла  - раԥхьа иргыланы ажәала.

Алмасхан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Алмасхан Барцыц: Пицундатәи ахәшәтәырҭа иԥшьоу мчык амоуп

Абри рзеиӷьасшьар сҭахуп аԥсуаа – ажәа рҿазарц. Уахьнеилак, иара аџьармыкьа аҟны унеиргьы, аҳ патын уаԥхьа дгылоу џьушьап, убри аҩыза лаԥшык уаадырхоит, усҟан ахәаахәҭҩы ажәала дхырхыр анаҭаху… Аҵарауаа дуқәа ракәзаргьы, рышәҟәқәа рҿы наукатә терминла иҭәуп, зны-зынла зеилыргарагь уадаҩу, аха рлекциақәа уанырзыӡырҩуа, уҩызак дгыланы ажәабжьк узеиҭаиҳәа иаҩызоуп, убасҟак иузааигәахоит, еилукаартә рхы ҟарҵоит…

Ажәакала, "ашәахьанӡа ԥшӡала ҳнашьҭы!.."

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0