00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аҭҵаарадырра амш: аҵарауаа ҿарацәа рыҿцәажәара
18:19
25 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара аҳаҭыраз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Сариа Лакәаба лыхьӡ зху абаҳча маҷ аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны аиҳабыра, Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.Есышықәса жьҭаара 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара амш. ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы ареспубликаҿы быжьнызқьҩык инареиҳаны харада ахара рыдҵан ирӡын.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ангиограф аусура алагара 55 усурҭатә ҭыԥцҵа аԥнаҵоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, уи 2026 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аиқәыршәараан ишазгәаҭаз. "Агәабзиарахьчаратә системаҿы аштатқәа реизырҳара ада имҩаԥгахоит ари аус. Уи алыршахеит егьырҭ амедусбарҭақәа рҿы аштатқәа рхыԥхьаӡара аоптимизациа аахьыҟаҵаз иабзоураны", — иҳәеит Гәбаз. Саид Гәбаз иажәақәа рыла, ангиографиа аҟәша аусзуҩцәа рзы ахарџьгьы аоптимизациа азухоит, абуџьет ахәҭаҷқәак рырмаҷрала, уадаҩрада.
Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа жәларбжьаратәи аицлабра "Евразиа" аноминациа "Аиҩызара ацҳаақәа" рҟны аԥхьахә даԥсахеит. Лара аԥхьахә ланашьан "Алиса Гыцԥҳа иаԥшьалгаз Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-алабораториа" азы. Гыцԥҳа лажәақәа рыла, апроект ҩ-хырхарҭак еиднакылоит — амузыкеи аҵареи. "Аҟаза-иклассқәа рацәаны имҩаԥысуеит, иааԥхьоу аусдырцәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, алахәылацәа аҵара дҳарҵоит, уи аан ҳаргьы ирҿаҳҵаауа ыҟоуп", — лҳәеит лара. Аиԥш зеиԥшу аицлабрақәа рылахәхара — акультуратә еимадарақәа дырҭбаауеит ҳәа азгәалҭеит Гыцԥҳа.
Аҟәатәи ашкол №2 аҿы аиҭарҿыцрақәа рышьҭахь "Атомкласс" аатит. Аҩнымаҭәа ҿыцқәеи аинтерактивтә еиқәыршәагақәеи шьақәыргылоуп. Уи адагьы ашкол адиректор Ирина Повирскер лажәақәа рыла, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ишкол гәакьа акомпиутер ҿыцқәа ҳамҭас иаиҭеит. "Концерн Росэнергоатом" акорпоративтә функциақәа рзы адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа иҳәеит "Атомклассқәа" 100 шаарту, урҭ рҟынтәи хәба Аԥсны ишыҟоу. Ари аклассқәа аҭахуп аҵаҩцәа ииашаҵәҟьоуи иԥсабаратәуи аҭҵаарадыррақәа инарҵауланы иҭырҵаарц, апрофильтә ҵараиурҭақәа рҭалара рылшарц, убри аан, иҟалап, Аԥсынгьы зхы кыз аиадертә ааглыхра аусхк аҿы аусура иалагарц аҭагылазаашьа рыҭаразы ҳәа иҳәеит Тҟьебучаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0