Амҵәышә ашышра

Анапаҵаҩра
Аԥсуа инхашәа-чашәаҿы наџьнатә аахыс ихы иаирхәо амаҭәарқәа рацәоуп. Урҭ иреиуоуп ишышны иҟоу амҵәышәгьы. Ашәыр аҭаараҿы амҵәышә даара ихәарҭоу маҭәахәуп, еиҳаракгьы иара ахархәара амоуп ажьҭаараҿы. Иахьа уажәраанӡагьы иуниверсалтәу амҵәышә акгьы иазыԥсахуам.

Амҵәышә аԥсуа инхараҿы нахьнатә аахыс ихы иаирхәоит. Анхаҩы амҵәышә иманы аҵла дықәлоит, ашәыр ииҭаауа уахь иҭеиԥсоит. Амҵәышә анҭәлак ашахала ҵаҟа илыбааишьҭуеит. Аиҳарак, мҵәышәала ашәыр ҩыџьа ирҭаауеит, руаӡә аҵла дықәлоит, егьи ҵаҟа амҵәышә амхны ашәыр акалаҭ иҭеиԥсоит. Аха ашәыр аӡәы ихала иҭааргьы ҟалоит, амҵәышә анҭәлак шахала илыбаашьҭны аҵыхәа аҵаррала адгьыл иҵаирсуеит, нас длыбааны уи ҭаирцәуеит. Амҵәышәа еизыхәхәоу аформа амоуп уи рҭәны ҵаҟа ианлыбаарышьҭуа амахәқәа ирҿамԥарц азы. Амҵәышәала ирҭаауеит – ажь, аҵәа, аҳа, ахәырма уҳәа еиуеиԥшым ашәырхкқәа.

Аацы ақыҭа инхо ауасҭа бзиа Кәасҭа Аҩӡба амҵәышә аҟаҵара апроцесс ахы инаркны аҵыхәанӡа ишымҩаԥысуа ҳирбеит.

© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАмҵышәа ашшра
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
1/11
Амҵәышәа ашшра
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАмҵәышә аҟаҵара иалагоит ал иалху аҵыхәа ала. Уи ҩ-мацәак иҭаԥҟаны аиха ршны икылырҵәоит, анаҩсан амҵәышә авакьыцқәа аладыргылоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
2/11
Амҵәышә аҟаҵара иалагоит ал иалху аҵыхәа ала. Уи ҩ-мацәак иҭаԥҟаны аиха ршны икылырҵәоит, анаҩсан амҵәышә авакьыцқәа аладыргылоит.
© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәАмҵәышә аҟаҵаразы аиҳарак рхы иадырхәоит арасатә ма акаламтә быца. Арсатә быца алхра аан акыр алԥшаара аҭахуп, абыца узырҷаӡом уи злухуа алаба амахәҭақәа амазар.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
3/11
Амҵәышә аҟаҵаразы аиҳарак рхы иадырхәоит арасатә ма акаламтә быца. Арсатә быца алхра аан акыр алԥшаара аҭахуп, абыца узырҷаӡом уи злухуа алаба амахәҭақәа амазар.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАмҵәышә аҵыхәа авакьыцқәа раларгыларазы 17 ма 19-џьара икылырблаауеит, урҭ ахыԥхьаӡарақәа еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашышразы. Авакьыцқәа рхыԥхьаӡара еиҟарамзар ауп, ианеиҟраха амҵәышә иакәуршо амзарҷ еиқәылоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
4/11
Амҵәышә аҵыхәа авакьыцқәа раларгыларазы 17 ма 19-џьара икылырблаауеит, урҭ ахыԥхьаӡарақәа еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ашышразы. Авакьыцқәа рхыԥхьаӡара еиҟарамзар ауп, ианеиҟраха амҵәышә иакәуршо амзарҷ еиқәылоит.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАмҵәышәа ашышразы зны абыца дырҷоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
5/11
Амҵәышәа ашышразы зны абыца дырҷоит.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәИрҷоу абыца - амзарҷ ала амҵәышәа авакьыцқәа ирыбжьданы ауасҭа ашышра далагоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
6/11
Ирҷоу абыца - амзарҷ ала амҵәышәа авакьыцқәа ирыбжьданы ауасҭа ашышра далагоит.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАмҵәышә ахырҷаразы арасатә лабақәа ахы иакәыршатәуп.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
7/11
Амҵәышә ахырҷаразы арасатә лабақәа ахы иакәыршатәуп.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәАуасҭа амҵәышә анишыш, алтә ҵәаҳә аҟаҵара далагоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
8/11
Ауасҭа амҵәышә анишыш, алтә ҵәаҳә аҟаҵара далагоит.
© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәАнаҩсан имазеиу аҵәаҳә амаа икылихуеит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
9/11
Анаҩсан имазеиу аҵәаҳә амаа икылихуеит.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәУи ашьҭахь аҵәаҳә амҵәышә иаларгыланы ихирҷоит.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
10/11
Уи ашьҭахь аҵәаҳә амҵәышә иаларгыланы ихирҷоит.
© Sputnik, Томас ҬҳаиҵыкәУажәшьҭа ашәыр аҭааразы имазеиуп аџьабаа зыдбалаз амҵәышә.
Амҵәышәа ашшра - Sputnik Аҧсны
11/11
Уажәшьҭа ашәыр аҭааразы имазеиуп аџьабаа зыдбалаз амҵәышә.
Ажәабжьқәа зегьы
0