Ацәашьқәеи ашәҭқәеи: амҳаџьырцәа ргәаларшәара амш шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Лаҵара 21, 1864 шықәса – Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари амш аҽны ҳџьынџьуаа ахьыҟазаалак агәаларшәаратә хәылԥазқәа мҩаԥыргоит.

Лаҵара 21, 1864 шықәса – Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ауп. Уи ашьҭахь хыԥхьаӡара рацәала Кавказ жәларқәа реиҳараҩык рыԥсадгьыл иқәҵны имцар ада ԥсыхәа рымамкәа аҭагылазаашьа иақәдыршәеит.

Есышықәса ари амш аҽны Аԥсны иргәаладыршәоит ари аибашьра иалаӡызи мчыла зыԥсадгьыл иахцази Кавказ ашьхарыуа жәларқәа. Аҟәа урҭ ргәаладыршәеит Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан. Арахь иааит жәаҩыла Аԥсны атәылауаа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала абаҟа аҿаԥхьа ашьамаҟа захьӡу зоура ҳараку агәалашәара ацәымза адыркит.

Аԥсуа шәаҳәаҩы Мадина Кәарцхьиаԥҳа иналыгӡеит Баграт Шьынқәба иажәеинраала иалху ашәа "Шьышь нани".

Анаҩс еизаз ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит.

Лаҵара 21, 1864 шықәса – Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ауп. Уи ашьҭахь хыԥхьаӡара рацәала Кавказ жәларқәа реиҳараҩык рыԥсадгьыл иқәҵны Ҭырқәтәылаҟа, Шьамтәылаҟа, Иорданиа, егьырҭ Ааигәа Мрагылара атәылақәа рахь имцар ада ԥсыхәа рымамкәа аҭагылазаашьа иақәдыршәеит.

Есышықәса ари агәалашәаратә мшы азгәарҭоит адунеи зегьы иалаԥсоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Иҟоу адыррақәа рыла, аԥсуаа нхоит адунеи 50 тәыла рҟны. Зегьы иреиҳау аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
1/11
Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
2/11
Аԥсны ауаажәлар Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аусӡбатә хадақәа ируакуп – аԥсуаа ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
3/11
Аԥсны аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аусӡбатә хадақәа ируакуп – аԥсуаа ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхәылԥаз иалахәыз рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиқәнаршәеит абарҭ рҩызцәа агәаларшәаратә цахақәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
4/11
Ахәылԥаз иалахәыз рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиқәнаршәеит абарҭ рҩызцәа агәаларшәаратә цахақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы хыркәшан ашьамаҟа абылрала.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
5/11
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәаратә хәылԥазы хыркәшан ашьамаҟа абылрала.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшәаҳәаҩ Мадина Кәарцхьиаԥҳа иналыгӡеит ашәа "Шьышь нани".
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
6/11
Ашәаҳәаҩ Мадина Кәарцхьиаԥҳа иналыгӡеит ашәа "Шьышь нани".
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥазы хыркәшо, есышықәса еиԥш уажәгьы, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны амца еиқәырҵеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
7/11
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥазы хыркәшо, есышықәса еиԥш уажәгьы, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны амца еиқәырҵеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абазақәа.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
8/11
Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абазақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иахҟьаны 1,5 миллионҩык ауаа рҟынӡа, урҭ рҟынтә аԥсуаа 400 нызқьҩык инаркны 500 нызқьҩык рҟынӡа мчыла рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа иахцан.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
9/11
Кавказтәи аибашьра иахҟьаны 1,5 миллионҩык ауаа рҟынӡа, урҭ рҟынтә аԥсуаа 400 нызқьҩык инаркны 500 нызқьҩык рҟынӡа мчыла рыԥсадгьыл иахыганы Ҭырқәтәылаҟа иахцан.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ари амш аҽны рабдуцәа рлахьынҵа цәгьа азы ахәыцрақәа рацәаны ирызцәырҵуеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
10/11
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ари амш аҽны рабдуцәа рлахьынҵа цәгьа азы ахәыцрақәа рацәаны ирызцәырҵуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгәаларшәаратә хәылԥазы анҵәамҭаз изҭахыз зегьы ацәашьқәеи ашәҭқәеи амшын ихырҵон.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азы Амҳаџьырқәа рбаҟа аԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
11/11
Агәаларшәаратә хәылԥазы анҵәамҭаз изҭахыз зегьы ацәашьқәеи ашәҭқәеи амшын ихырҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0