Урыстәыла ААР: Қырҭтәыла аӡбрақәа Аԥсныи иареи реизыҟазаашьақәа еицәартәуеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве.
Здание министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин дидикылеит ԥхынгәы 2 рзы Аахыҵ Кавказ аҟны Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Тоиво Клаар ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟынтә.

АҞӘА, ԥхынгәы 3– Sputnik. Қарҭаа иааҟәымҵӡакәа бзиарарҿиаҩцәақәак реиԥш рхы шыршьогьы, "уаҵәтәи аԥеиԥш лашазы ашьаҿақәа" ҟаҳҵоит ҳәа шырҳәогьы инарыгӡо аполитикатә ӡбарақәа Қарҭи Аҟәеи Цхинвали рыбжьара аҭагылазаашьа дмыруадаҩуазар еиӷьыртәуам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи аган, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин ԥхынгәы 2 рзы Аахыҵ Кавказ аҟны Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Тоиво Клаар дандикылоз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Асеиԥш уҳәартә иҟазҵо ҿырԥштәны иҟоуп ахҵәацәеи мчыла зынхарҭаҭыԥқәа ирхыргази рзы Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара иадгалаз арезолиуциеи ааигәа ирылаҳәаз асанкциатә сиа "списки Отхозория – Татунашвили" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аиԥылараан иазгәаҭан женеватәи аформат аҟны аҽазышәарақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәиу.

Ажәабжьқәа зегьы
0