"Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага, ампыҵахалаҩцәа ргәы иҭаз, Асовет еидгылара зегьы рнапаҿы иааргар акәын", — иҳәеит уи.
Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, акаҵәараҿы аибашьрақәа ирылагаанӡа аӷацәа аԥшыхәратә усқәа шымҩаԥыргоз.
"Аԥсны иаҵанакуа ашьхақәа рҿы аибашьра алагеит 1942 шықәсазы, уи Кавказ азы аибашьра иахәҭакуп. Кавказа азы аибашьра, егьырҭ иаҳҳәап Курсктәи аибашьреи, мамзаргьы Сталинградтәи ирываҟәылоит, избанзар урҭ рылҵшәақәа анаҩстәи аибашьра ианырит", — иҳәеит уи.
Абарҭ ах-еибашьрак иалдыршеит аибашьра шьаҭанкыла аԥсахра, Асовет Еидгыла ар аиааирақәа рго иалагеит.
"Кавказ аиқәырхара иалнаршеит Ҭырқәтәыла аибашьра аламлара. Ҭырқәтәыла усҟан икәаны-зано иҟан. Кавказ Гитлер инапахьы изаагазтгьы, усҟан аҭагылазаашьа акыр еиҳа иуадаҩхон. Убри аҟынтә, раԥхьаӡа инаргыланы, аибашьра зегьы алахьынҵаҿы аҵакы даара идуун", — иҳәеит аҵарауаҩ.