Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агазеҭ "Республика Абхазия" ахьыӡ ӷәӷәоуп, иҳаду аҭакԥхықәра шдууз еилаҳкаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаира Цвижба
Заира Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟа инақәыршәаны 1991 шықәсазы аҭыҵра иалагеит агазеҭ "Республика Абхазия". Иахьа, иара иахыҵуеит 25 шықәса. Раԥхьатәи ршьаҿақәа агазеҭ аредакциахь ишеихыргази, иахьатәи русуреи атәы иазааҭгылеит агазеҭ аҟны акыр шықәса корреспондентс аус зуа Заира Ҵәыџьԥҳаи, атепаграфиа аусзуҩ Фируза Каԥԥҳаи.

Агазеҭ "Республика Абхазия" аҭыҵра иалагеит ҵәыббын 15 1991 шықәсазы. Уи ахаҭа иазԥхьаӷәанаҭеит "Актәи аномер" ҳәа, избанзар, ахы иахьӡнаҵази, политикатә хырхарҭалеи, тематикалеи уаанӡа иҭыҵуаз "Советскаиа Абхазииа" еиԥшымызт азы. Ари агазеҭ аԥҵан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба иаԥшьгарала. Агазеҭ редакторс дҟаҵан Витали Чамагәуа, ихатыԥуаҩцәас – Сергеи Саркисиани Витали Шариеи.

Агазеҭ "Республика Абхазия"  аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра.

"Асовет ҳәынҭқарра анхыбгала ашьҭахь, иҭыҵуаз агазеҭ "Советскаиа Абхазиа" ҳәа иҭыҵуаз аанкылан. Ашьҭахь аимак аиҿак ҟалеит, уаанӡа редакторс иҟаз Иури Гаава аредакциа инапы аҵаҟахь иганы, ҽакы ҭижьырц иҭаххеит, уи зҭахымыз иаҿагылеит. Владислав Арӡынба ибзоурала "Республика Абхазиа" ҳәа иахьӡҵны аҭыҵрала иалагеит. Редакторс дахадыргылоит Витали Чамагуа. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахыуп, уаанӡа ари агазеҭ аԥсыуак редакторс дахагылаӡамызт. Журналистк иаҳасабала иԥышәа дууны, аҵара ду иман Витали Чамагәуа. Агазеҭ аԥсы ахаҵатәын, анбанҟәшәаҩцәа аҭахын, уи иахҟьаны агазеҭ 15 мшы изҭымҵкәа иҟан. Алинатип аҟны итәаз Зина Акаҩԥҳаи сареи ҳаалаган иаҳҵеит аклавиатура. Абас хәыҷы-хәыҷла агазеҭ аҭыҵра иалагеит", — ҳәа лгәалалыршәоит атепаграфиаҟны акыр шықәса аус зуа Фируза Қапԥҳа.

"Хра злоу ахҭысқәа": агазеҭ аҟны акыр шықәса корреспондентс аус зуа Заира Ҵәыџьԥҳа, атепаграфиа аусзуҩ Фируза Каԥԥҳаи раԥхьатәи ршьаҿақәа аредакциахь ишеихыргызи, иахьатәи русуреи атәы иазааҭгылеит.

Фируза Капԥҳа лажәақәа рыла, агазеҭ ахьӡ ахьӡызҵыз Владисла Арӡынба иоуп.

Агазеҭ "Республика Абхазиа" раԥхьатәи аномер инаркны иахьанӡа атемақәа зегьы ааҳарԥшоит, лҳәоит корреспондентс аус зуа Заира Ҵәыџьԥҳа, 

Иахьа, агазеҭ аредакциа Аԥсны араионқәа рыҟны ирымоуп рхатәы корреспондентцәа, аредакциахь ирызнеиуеит ажурналистцәа аҿарацәа. Агазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык ахь хынтә, атираж 1200 цыра ыҟоуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0