Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба: Қырҭтәылеи ҳареи аиӷара шҳабжьоу ахашҭра ҟалом

© SputnikИнапшба Руслан
Инапшба Руслан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәылеи ҳареи аиӷара шҳабжьоу дырны аҳәааҿы иахәҭоу аусқәа нагӡатәуп, иҳәеит "Коӷониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны аибашьра аветеран Леон иорден занашьоу, акыр шықәса аҳазалхырҭаҿы агәаҭаратә хәҭаҿы аус зуаз Руслан Ипаԥшьба.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Руслан Инаԥшьба Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҳазалхырҭа аиҿкаара иазкны
"Егры ахәааҭра цоит, уаҟа инхо агырцәа аҳәаа иахыумыжьыр апроблема ҳзалырхар алшоит. Жәларбжьаратәи ауаҩы изинқәа зыхьчо аусбарҭақәа рахь иадҵаалар ҟалоит. Адунеи ҳахадырҵәоит. Уи аҟнытә ахәаахәҭра ҟаларцаз иахьа шәҟәыла иҭаҩуа, Урыстәылатәи аҳәаа инаҿырԥшны, аха Қырҭтәылеи ҳареи аиӷара шҳабжьоу дырны аус нагӡатәуп", —  иҳәеит Инаԥшьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0