Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аншба: ухы иҭыухәыцаауа ажәабжьқәа ахәыҷқәа иаҳа иазҿлымҳауп

© Sputnik / Томас ТхайцукРустам Аншба
Рустам Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иӡыргаз ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа реизга "Амши аҵхи" еиднакылеит 11 усумҭа, урҭ авторцәас иамоуп занааҭла еиуеиԥшым ауаа, иҳәеит ООН ахәыҷтәы фонд (ИуНИСЕФ) апроект анапхгаҩы Русҭам Аншба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аншба ажәабжьқәа реизга "Амши аҵхи" иазкны

"Ари апроект ду аԥсуа бызшәа аиқәырхара арҿиаразы аус здаҳуло иахәҭакуп. Ианхацҳаркуаз, даара ҳазхәыцуан ишыҟаҳҵара.  Ахәыҷқәа ашәҟәы аԥхьара агәыбылра ркуеит рааигәа иҟоу ажәабжьқәа анеизеиҭарҳәо. Убри ҳазхәыцны иҳаӡбеит анацәа, абацәа, андуцәа,  ҳаҭала рхәыҷқәа ирзырхәыцуа алакәқәа рҩырц.  Саныхәыҷыз, исгәалашәоит санду еиҭалҳәон лхатә лакәқәа, урҭ зегь реиҳа исгәаԥхон. Уи ауп аицлабра занааҭла еиуеиԥшым рыбжьара изрылаҳҳәазгьы. Ажәабжьқәа аазышьҭыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп арҵаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, дҳамоуп, ашкол иҭоугьы аӡӷаб. Иҟоуп атәылақәа абызшәазы ҳаиԥш аҭагылазаашьа змоу, рбызшәа аҿиаразы иадрыԥхьалоит еиуеиԥшым аекспертцәа, дара рԥышәа ҳаргьы ҳхы иаҳархәоит", — иҳәеит Аншба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Атемала инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0