Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дасаниа: Иорданиа ачерқьесцәа лымкаала пату рықәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Дасания
Давид Дасания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Давид Дасаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәеиҭеит аҳәаанырцә инхо аԥсуа-адыга хылҵшьҭрақәа зегь раасҭа пату ахьрықәу Иорданиа ауп ҳәа.

Дасаниа: Иорданиа ачерқесцәа лымкаала пату рықәуп
"Иорданиа инхо аԥсуа – адыга жәлар ирҟәырҷахоу уаҟа инхо бжьаратәла шә-нызқьҩык рхыԥхьаӡара ыҟоуп, даҽа гәаанагарак ала 170-нызқьҩык ыҟоуп. Аха еиҳарак уа инхо адыгаа роуп. Адыгаа мраҭшәаратәи рыхәҭа аедыгьаа ҳәа ззаҳҳәо, урҭ реиҳарак бжьадыӷәаа, абаӡехаа роуп. Рҭагылазаашьа, аиаша шәасҳәоит, ганкахьала схы-сгәы ҭәуп, даҽа ганкахьала – даара сгәы сыхьуа сааит. Схы-сгәы ҭәуп, избанзар Урыстәылагьы, уи анаҩс егьырҭ аҳәааанырцә атәылақәа рҟны ачерқьес, адыга жәлар ахьыҟоу Иорданиа шаҟа пату-ҳаҭыр ачерқьесцәа ирықәу аҟара аҽаџьара ирықәым. Ргәы иалымсааит, дара ахьынхо-иахьынҵо, ркультура ахьдырҿио рреспубликақәа рыҩныҵаҟа", — иҳәеит Дасаниа.

Иорданиа лымкаала ачерқьесцәа пату рықәуп. Ачерқьесцәа рыхәҭа иалоуп аԥсуаагьы ашәуаагьы. Аха аԥсуааа раасҭа уа иҟоу ашәуаа роуп. ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Избан ҳәа шәҵаауазар, уи аҭак иаразнак исарҳәеит, аамҭала Иорданиатәи акралра, аҳәынҭқарра анаԥҵахоз, убри акралра ныҟәызгараны иҟаз ауаҩы ачерқьесцәа, аԥсуаагьы абазақәагьы налаҵаны, деиқәдырхеит.  Абедуинцәа дыршьыр рҭахын. Иара дахьырҵәахуаз ачерқьесцәа рқыҭа ҳәа иахьашьҭаз Аммон ҳәа аԥхьа иазырҳәон, нас Амман ҳәа ахьӡ рыԥсахит, ачерқьесцәа ирқыҭоуп. Убас  иҳәалоит ҳәа саҳаит Абдалла Аҩбатәи Хусеин-иԥа, Иорданиа иахьатәи аҳәынҭқарра акрал: "Иорданиа ачерқесцәа рыда, ари Иорданиаӡам". Дарбан атәыла ахада убас зҳәо аԥсуа-адыга жәларқәа ахьынхо?" – ҳәа иҳәеит Давид Дасаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0