Сақаниа: атехника ҿыц аус адуларазы аспециалистцәа ҳҭаҳуп
"Урыстәылантәи иааргаз атехника аҟынтә жәеиза цыра Гәдоуҭа араион иарҭеит. Уаанӡа иҳаман 13 цыра, даргьы еиқәшәоуп, уақәтәан еиуеиԥшым аусурақәа мҩаԥугартә иҟоуп. Иахьа атехника иаҳзааз акомпиутерқәа рзықәгылоуп, аремонт аҟаҵаразы Урыстәылантәи аспециалистцәа маауазар, ара издыруа дҳамам. Атехника аус адулареи, аиҭашьақәыргылареи рзы аҵара зҵарц зҭаху аҷкәынцәа ҳҭахуп. Хәыда-ԥсада ҩышыкәса Урыстәыла аҵара ддырҵоит, ауалафахәгьы роулоит. Изҭаху зегьы ҳадҵаалар рылшоит", — ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.