Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа: иҭахаз аибашьцәа рыхьыӡқәа зну амемориалтә хаҳәқәа ԥсаххоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Габлия
Руслан Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы Аиааира аламҭалаз имԥысуа аусурақәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габлиа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирызкны

"Аиааира амш аламҭалаз иаӡыӡбан зымҽхак ҭбаауа аусурақәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҿ имҩаԥгазарц. Зхаҭара шьақәыргылаз Аԥсны аибашьцәа рыхьыӡқәа амемориалтә хаҳә аҿы ианҵахоит. Абаҟа иаакәыршаны ишьҭаз ахаҳәқәа рҿы џьара-џьара анбанқәа аныҵны иҟан. Ахаҳә аамҭеи аԥсабаратә цәырҵрақәеи- амра, аԥша, ақәа уҳәа иԥхасҭанатәит. Иазыӡбан, ахаҳәқәа зынӡа иԥсахзарц. Ҩажәа хаҳә ааган Китаинтәи. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахаҳә ҿыцқәа рыҟны- ахьтәы нбанқәа анынҵахо, излауа ала игәаҩаны аҟаҵара", — ҳәа азгәеиҭеит Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0