https://sputnik-abkhazia.info/20180818/hutaba-shamtila-apsny-ahipshimra-anashanaza-ashtah-haimadarakua-richdirtbaait-1024744182.html
Хәытаба: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь, ҳаимадарақәа рыҽдырҭбааит
Хәытаба: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь, ҳаимадарақәа рыҽдырҭбааит
Sputnik Аҧсны
Шьамтәыла имҩаԥысуаз аруаа рыбжьара аҽыбӷаҟазаратә спорт ачемпионати, анаҩс имҩаԥгаз аиԥыларақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит... 18.08.2018, Sputnik Аҧсны
2018-08-18T15:31+0300
2018-08-18T15:31+0300
2018-08-18T15:32+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102168/41/1021684177_0:37:1279:760_1920x0_80_0_0_78b20f8163d091d193b57f248df28a21.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2018
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102168/41/1021684177_0:0:1279:804_1920x0_80_0_0_66433af556a9c4e0a6a623ba560ba06d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Хәытаба: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь, ҳаимадарақәа рыҽдырҭбааит
15:31 18.08.2018 (ирҿыцуп: 15:32 18.08.2018) Шьамтәыла имҩаԥысуаз аруаа рыбжьара аҽыбӷаҟазаратә спорт ачемпионати, анаҩс имҩаԥгаз аиԥыларақәеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абҩарҵәыреи акультуреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы, ачемпиаонат ахь ҳаҭыр зқәу асас ҳәа ааԥхьара змоу Баграт Хәытаба.
"Ачемпионат далахәын Шьамтәыла ар аинрал- маиор Уаалид Маршьан имаҭа, жәаф шықәса зхыҵуа Аисель Маршьанԥҳа, лара аҽыбӷаҟазаратә спорт дазҟазоуп. Ари ачемпионат даараӡа акыр зҵазкуа ҳҭысуп. Аибашьра ашьҭахь аҿар еидкыланы ас еиԥш мҽхакы ҭбаала аицлабрақәа реиҿкаара ус имариам. Ачемпионат аҿы иқәгылеит зегьы иреиӷьӡоу, зыжәла бзиоу аҽқәа. Шьамтәылеи Аԥсныи аспорт аганахьала еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳабжьоуп, аусмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп. Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь ҳаимадарақәа ган рацәала рыҽдырҭбааит", — ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба.