Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа Гагәылиа изы: знык ирҳаз ауаҩы дирӡӡомызт, ихазы акәым - ижәлар рзы

© Sputnik Екатерина Бебия
Екатерина Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Геннади Гагәылиа аибашьра аамҭазы ижәлар рымаҵ шиуаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бебиаԥҳа Гагәылиа изкны

"Геннади Леонид-иԥа данаҳдырыз аибашьраан ауп. Ҳара даҳбартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамамызт, аха ажәлар ирылан иара иҟаиҵоз аусқәа рыӡбахә. Владислав Арӡынба игәра ганы "ажәлар амла иамкырцаз, абри аус унапы ианызаауеит" ҳәа идиҵеит. Уи аус аҿы иара илшозгьы илымшозгьы ихы иалиршеит. Иара аӡәы ҳәа Арӡынба шьаҟас ивагылаз иоуп. Хаҭалатәи ҳаибаддырра аныҟалаз, аибашьра ашьҭахь Лаҭа иҭахаз ирызкны ашәҟәы аныҭсыжьуаз ауп. Убасҟан дызбеит уаҩык иаҳсабала, шаҟа дхазыназ. Уҩбасҟан ауп сгәы ианҭаскызгьы иара идҳәаланы аматериалқәа реизгара", — ҳәа лгәалалыршәеит Бебиа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0