Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Витали Гәарамиа: гәаларшәагас сашьа ашәак изыскыр сҭахын

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Гварамия
Виталий Гварамия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дади ҳәа зарҳәоз Леон иорден занашьоу, иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩ Авҭандил Гәарамиа изку ашәа "Уцәашьы мыцәеит" аҭоурых арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи авторцәа иреиуоу иашьа Витали Гәарамиа.

"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам аҭоурыхқәа": Авҭандил Гәарамиа ихьӡынҩылоу ашәа аҭоурых
"Жьҭаара 25 рзы Очамчыра аҭарцәразы аҷкәынцәа ӷьеиҩцәа сашьцәа хҩык рыццап ҳәа акәын, аха сашьа аиҳабы аӡәы диргьежьит, зегь џьара ҳаиццома ҳәа. Уаанӡа иара Ешыра деибашьуан, данаа ахымш рзы Дед игәыԥ дрыцны дцеит. Очамчыра рус ҟарҵеит, ишаауаз ирхаҩуаз аӷацәа ирықәшәеит. Изықәтәаз амашьына ашә маатӡеит аҩныҵаҟала. Аҩызцәа ишырҳәо деихсны, шьапыла дасны иԥиҽит. Аҷкәынцәа хыиҩеит, амашьына даҵаианы дхысуан. Иҳаиӷьыз ҳашьа данҳацәҭаха, исҭаххеит гәаларшәагас ашәак изыскырц. Уаанӡа аибашьра ҟалаанӡагьы ашәақәак сыҩхьан, шықәсыбжак аҟара ансамбльгьы сыман. Абри сыгәжәажәон, сартәомызт саргыломызт. Сашьеи Авто Ҷкадуеи ԥсык еицырхан. Абас сгәы иҭоу анысҳәа, ажәеинраала изыикит, ашәа алҵуазар иҳәеит. Санахәаԥш исгәаԥхеит. Амузыка шԥаубо ҳәа саниазҵаа, исеиҳәеит. Уи снахәаԥшшәа иҟасҵеит, иажәеинраала аҟны иҟоуп иаансыжьыз акуплеҭқәа, исыԥсахызгьы ыҟоуп. Шықәсыбжак инеиҳаны садхалеит", — иҳәеит Гәарамиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0