Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Берлинтәи аконференциаҿы Аԥсны аибашьра аӡбахә шҳәаз

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookХибла Амичба
Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурых азы иҳьанҭоу арегионалтә конфликтқәа рзакәанқәа Мрагыларатәи Европа атәылақәа рҿы ҳәа хьӡыс измоу аконференциа мҩаԥысит Берлин. Ахәҭакахьала уа иазааҭгылан Аԥсны аибашьра атемагьы. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.

Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Берлинтәи аконференциаҿы Аԥсны аибашьра аӡбахә шҳәаз
"Легниц ихьӡ зху аинститут адокторант иҟаиҵеит ажәахә Аԥсны иҟаз аибашьра иадҳәаланы, иахьа атәылаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкны. Иара ааигәа Аԥсны дыҟан, ААУ астудентцәеи иареи аус адырулон проектқәак. Убри зегьы дазааҭгылеит, иажәахәгьы презентациа ҳасабала иҟаиҵеит. Ҳара иҳаҳауа аинформациала, Аԥсны апроблематика ацәыргашьа иаҿурԥшуазар, иара иажәахә цәгьаӡамызт. Зегь реиҳа исгәаԥхаз Аԥсны аабатәи ашәышықәса инаркны ахатә ҳәынҭқарра шамаз атәы ахьиҳәаз ауп. Иажәахә ахаҭа ҳаибашьра аҿиашьа аанамырԥшӡеит, сара сганахьала уи харҭәаатәны иԥхьаӡаны ирысҭеит аинформациа. Урҭ азҵааракәа рҭак ада ари аусумҭа харҭәааны ишысмыԥхьаӡо атәы азгәаҭан", — ҳәа еиҭалҳәеит Амҷԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0