Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа Тҟәарчалтәи атеатр агастрольқәа ирызкны: анхацәа бзиа ибаны иаҳԥылоит

© SputnikСырбей Сангулия
Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр асахьаркыратә напгхгаҩы Сырбеи Сангәлиа еиҭеиҳәеит Џьгьарда ақыҭан анхацәа идырбахо ақәыргыламҭа атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сангәлиа Ҭҟәарчалтәи атеатр агастрольқәа ирызкны

"Валерии Касланӡиа авторс дызмоу аҩымҭа иалхны иҟаҵоуп ҳаспектакль, иара "Аилага" ахьӡуп, жанрла идрамоуп. Тема гәыцә хадас иамоу: ианакәзаалакгьы аамҭа аԥыҩлара аҭахӡам, еиҳарак аҿар рзы. Ауаҩы ихаҿра ицәымӡырц, ималаҭтә ҟазшьа ицәымӡырц иара имилаҭ дызлоу рҵаси-рқьабзи дацныҟәан ишахәҭоу инаигӡалар ауп. Иарбан қыҭазаалакгьы ҳахьнеиуа, даара бзиа ибаны иаҳԥылоит. Ауаҩи ауаҩи реиԥылара, рыгәҭыхақәа анеибырҳәо, ҳәарада, хра амоуп. Иҳаибарҵаша рацәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0