Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба: ауаҩы дышгәарҭо анеиликаалак, иус иаҳа ҭакԥхықәрала дазнеиуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба адунеизегьтәи ахаҭабзиара амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит русбарҭа ҳтәылаҿы агәаҭарақәа шымҩаԥнаго атәы.

Саманба: ауаҩы дышгәарҭо анеиликаалак, иус иаҳа ҭакԥхықәрала дазнеиуеит
"Ажәлар иахьа ирфо гәаҭатәуп, иржәуа гәаҭатәуп, иаарго гәаҭатәуп. Абри аус ишәахәҭоу еиԥш аус ауртә ҳаҿуп. Иахьа аинспекторцәа уи аус адырулоит. Ателеканал "АБАЗА-ТВ" ала ицо арубрика "Стандарт" алыҵшәақәа бзиоуп. Ачаӡырҭақәа, акрыфарҭақәа, уҳәа агәаҭарақәа ахьыҟаҳҵаз рҿы иҟаз агхақәа дыриашоит. Ауаҩы дышгәарҭо анеиликаалак, иаргьы иус иаҳа ҭакԥхықәрала дазнеиуеит. Иҟоуп аинспекторцәа рхала ианнеиуа ианрыдрымкыло, аха ателехәаԥшра аннеилак даҽакала рхы аадырԥшуеит. Сара сусураҿы иазыӡбаны исымоуп: аиакәым ахьыҟоу иуҵәахыр ҟалаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба.

Ажәабжьқәа зегьы
0