Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа апальмақәа рыхәшәтәразы: аусурақәа цәгьамкәа ицоит

© SputnikАркадий Джинджия
Аркадий Джинджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дазааҭгылеит апальмақәа рыхәшәтәра шцо, иара убас напхгара зиҭо амаҵзура инанагӡо аусқәа ртәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа акарантинтә инспекциа аусура атәы

"Гагра араион аҟны апальмақәа ҩ -нызқь инацны иҟоуп. Аԥсшьарҭақәа иахьрыҵаркуа аԥшәмацәагьы иахьырхәышәтәуа ыҟоуп. Уажәы аинтернет рхы иадырхәоит, аинформациа рацәоуп. Аҵлақәа рыхәшәтәразы акомиссиа напхгара аиҭоит аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Аусурақәа цәгьамкәа ицоит, аҩбатәи ахәшәтәрагьы хыркәшахоит. Иааиуа ашықәс азы ааԥын ҩаԥхьа ахәшәтәра иалагатәуп, хымԥада. Ари есышықәса иҟаҵатәуп, ус лассы иуӡбо усны иҟаӡам. Сара напхгара ззызуа акарантинтә инспекциа ахәшәтәра рыдӡам, ҳара ирхәышәтәуа ҳахәаԥшуазароуп, аусурақәа ишақәнагоу имҩаԥгоу  иҟаҵаму. Ус еиԥш згәы иаанагоз ыҟан акарантинтә инспекциа аҵиаақәа рганахьала ачымазарақәа рхәышәтәлароуп ҳәа. Ҳара хылаԥшра аҳҭоит  Аԥсны аҩныҵаҟа аҵиаақәа рганахьала ачымазарақәа цәырҵма, аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Алабораториа ҳамоуп  ҳҟазацәа аус ахьыруа", -иҳәеит Џьынџьиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0