Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷелиаԥҳа абызшәа азҵаара азы: апатриотизм мацарала хара узцаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАда Кварчелия
Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа арҵаҩы, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак аексперт, аметодист Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аҟны абызшәа арҵара азҵааара далацәажәо адунеитә ԥышәа аҟынтәи аҿырԥштәқәа аалгеит иара убас илҳәеит аԥсуа бызшәа аус аурц азы иҟаҵатәу ҳәа илԥхьаӡо.

"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷелиаԥҳа абызшәа иазкны
"Апатриотизм мацарала иахьа хара узцаӡом. Ҳаргьы иаабеит уи. Ҩажәеи хәба шықәса иаҳҳәон ԥхашьароуп, шәаԥсыуаауп, шәбызшәа шәдыруазароуп ҳәа. Аӡәыр акыр иҵама? Ирландиагьы ауаҩы дчынуаҩхарц азы аԥышәара иҭиир акәын. Жәашықәса рыҩныҵаҟа Ирландиа иқәынхоз рҟынтәи 60-нызқьҩык рҟынӡа есышықәса атәыла аанрыжьуан. Ажәлар агәынамӡара аадырԥшуан, абызшәа аҳаҭыргьы лаҟәын. Иаагозар абаскцәа, аҟазахцәа, аестонцәа абызшәа арҵара комплексла иазнеит. Аха уи азы шьаҿа-шьаҿала еиқәыршәатәуп апрограмма. Абызшәазы азакәан анаԥҵаха, ахы инаркны аҵыхәанӡа аҳәынҭқарратә программа ыҟазароуп.

Ҳара ҳхала ҳамацара ари азҵаара ҳзыӡбаӡом. Аԥышәа ду змоу анҭыҵтәи аҟазацәа адыԥхьаланы аԥсуа бызшәа ианаало апрограмма шьақәыргылатәуп. Аӡәык-ҩыџьак аентузиастцәа арҵаҩцәа ирыдҵаны, мамзар усбарҭак иадҵаны азҵаара узыӡбазом", —лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0