Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гиви Ҳашба: аԥсуаа ҳаиԥш абырзенцәагьы амшьҭа иахәаԥшуеит

© Фото : из личного архива Гиви ХашбаГиви Хашба
Гиви Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бырзентәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Гиви Ҳашба арадио Sputnik аефир аҿы ҩ-ҳәынҭқаррак Бырзентәылеи Аԥсныи Ашықәс ҿыц ишаԥыло еиҿирԥшит.
Ҳашба: аԥсуаа ҳаиԥш абырзенцәагьы амшьҭа иахәаԥшуеит

"Аԥсуаа араҟа хыԥхьаӡарала ирацәаӡам. Ҳара аныҳәа абырзен жәлар шаԥыло еиԥш ҳаԥылоит. Ашықәс ҿыц аԥхьа Иаса Қьырса иирамш ныҳәа азгәаҳҭоит. Уи иаҳа иналкааны иаԥылоит. Аҽны ауахәамақәа рахь ицоит, Қьырса диит ҳәа ихысуеит, игәырӷьоит. Аԥсуаа ҳҿы аҵеи даниуа ишхысуа еиԥш. Ахәыҷқәа х-кәакьк змоу аиха ҳәыҷы кны, абжьы рго иааиуеит. Агәылара анеиразы рыҽныркылоит, аԥсуаа ҳҿы ишыҟоу еиԥш амшьҭа иахәаԥшуеит, ауаҩы ишьапы зеиԥшроу  гәарҭоит, аҩны иааиз мацара иакәым, Ашықәс ҿыцаз џьара уцозаргьы, амҩаҿы иуԥылазгьы духауршҭӡом", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашба.

Ажәабжьқәа зегьы
0