Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: ирҳәоит, ажәытәан аԥааимбарцәа раҟара здыруаз аԥсуа ԥшыҩцәа ыҟан ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik астудиаҟны еиҭеиҳәеит иарбан азгәаҭарақәоу аԥсуаа ирымаз аԥхьаҟа иҟало рбарцаз.
Хра злоу ахҭысқәа: Ашәба аԥсуаа шыԥшуаз иазкны

"Аԥсуаа ҳхатә ҷыдара алоуп иарбанзаалак зегьы. Иҟоуп иахьа-уахатәи аԥшрагьы. Ажьырныҳәа 13 инаркны 25-нӡа аԥсуаа ԥшуеит амш зеиԥшрахои ҳәа. Иахьа амза жәаа аҽны амш бзиазар лаҵарамзагьы убыс имҩасуеит. Амза акыдшьа иахәаԥшуеит. Аҭаацәа аԥызҵарц зҭаху аиҳабацәа амш алырхуан амза аҭәымҭәаз, аизҳара иатәызарц. Алаԥықәшәа, анапафара уигьы ԥшроуп. Аԥхыӡ еилзыргозгьы дыҟан. Ирҳәоит, ажәытәан аԥааимбарцәа раҟара здыруаз аԥсуа ԥшыҩцәа ыҟан ҳәа. Иҟоуп арбаӷь иаҳәаз ала иԥшуа. Афольклор аҿы иарбоуп ацәажәара иалагаз асаби арбаӷь ианиқәҿнаҭы ианду ус лаиҳәеит:  "Башьа дыԥсит!" ҳәа. Иуҳәо закузеи ҳәа иқьышә дахьынҭасыз дҿаҳахеит. Арбаӷь иаҳәоу еиликаауа дҟалеит, аха иара дҿаҳахеит. Иҟоуп жәҩангәашәԥхьара ззаатыз, аӡы шыцәаз избазгьы. Шамахамзар, зегьы ирзаатӡом, иалнахуа дыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.     

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0