Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба Хачегогу изкны: Кавказ иреиӷьу арежиссиорцәа иреиоу ҳәа дыԥхьаӡоуп

© Sputnik актиор Кьасоу Ҳагба
актиор Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 30 рзы Маиҟәаԥ, Аԥснытәи адраматә театр алахәхоит Адыгатәыла амилаҭтә театр асахьаркыратә напхгаҩы Ҟасе Хачегогу иубилеитә хәылԥазы иагьынаныгӡоит арежиссиор Аԥсны иқәиргылахьаз "Кавказский меловой круг" ацыԥҵәаха. Уи аспектакль аҿы аӡбаҩ ироль наӡыгӡо аԥсуа драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит аҟаза аԥсуаа ҷыдала дшырзыҟоу.
Ҳагба Хачегогу изкны: Кавказ иреиӷьу арежиссиорцәа иреиоу ҳәа дыԥхьаӡоуп

"Хачегогу Кавказ арежиссиорцәа иреиӷьу ируаку ҳәа дыԥхьаӡоуп. Испектакльқәа згәалашәо уи рдыруеит. Мольер иҩымҭала иқәиргылаз "Тортиуф"  даара ақәҿиарақәа аман Урыстәыла. Ақәыргыламҭа Аԥсныҟагьы иааигеит, - сара, Роман Сабуа, Ҭеимраз Чамагәуа, Викториа Маан уҳәа актиорцәа ҳахәмаруан. Усҟан ҳаизаагәахеит иареи ҳареи. Ҟасеи даара аҵара бзиа змоу, ззанааҭ здыруа иоуп, змилаҭ азы згәы былуа, аԥсуаа гәык-ԥсыкала ирзыҟоу, ииашаҵәҟьаны бзиа избо иоуп. Иара ԥсыуак иаҳасабала ауп аибашьраан ихы шымҩаԥигазгьы, уи ашьҭахьгьы ус даанхеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0