Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа
Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ашколқәа рахь имнеиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шырацәоугьы, урҭ зегьы чмазаҩны иҟам ҳәа.
Адлеиԥҳа: аҳҭныҟалақь ашколқәа рҿы акарантин алагалара аҭахны иҟам

"Зынӡа, Аҟәа ақалақь абжьаратә школқәа ирҭоуп 8 116-ҩык ахәыҷқәа, иахьазы иагуп 2000-ҩык. Мызкы ҵуеит ахәыҷқәа рагхара азгәаҳҭоижьҭеи. Иахьа 10-тәи ашкол аҿы 500 ахәыҷқәа ыҟаӡам. Дара зегьы аҳақьым иҟны инеины ишыҽмазаҩу ала ишьақәыргылазар, убасҟан акарантин алагалара ахәҭоуп. Иахьазы ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟаӡам аҵара-ааӡара аус аанкыларазы. Аҵара процесс иагхаз ахәыҷқәа арҵаҩы ихалырҭәаар акәхоит. Ачымазара макьана амҽхак аҽамырҭбаац, уи аҳаракыра жәабранмзазы ауп ианазгәаҭоу", -  лҳәеит Адлеиԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0