Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа: Аԥсны аинвалидцәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьақәа маҷуп

© SputnikРуслан Когония
Руслан Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа асасааирҭа "Комфорт" аиҳабы Руслан Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит зылшарақәа ԥку ауаа рзы иахьа Аԥсны иаԥҵоу аҭагылазаашьақәа шмаҷу.
"Хра злоу ахҭысқәа": Коӷониа зылшарақәа ԥку рзы ақалақь арманшәалара иазкны

"Асасааирҭа анеиҿаҳкаауаз ҳазхәыцуан, инеиуазаалакгьы изы иманшәалан иҟаларцаз. Иахьа Аԥсны аинвалидцәа рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьақәа маҷуп, иара илшоит даҽа тәылак ахь ԥсшьара ҳәа ацара, ус еиԥш Аԥсныҟагьы иаауа иалагеит. Ас еиԥш атурист изы ирманшәалатәуп асасааирҭақәа, днеир ахьалшо аҭыԥқәа. Ҳара иҟаҳҵеит иахьынӡазалшоз ирманшәалны. Дахьышьҭало, иҽахьикәабо, иманшәаланы ауада дыҩнало дыҩныҵуа, ашәқәа рыҭбаара маҷны акәымкәа. Аиааира амш азы Аԥсныҟа иааз асасцәа ҳсасааирҭаҿы зыԥсы зшьоз иргәаԥхеит, ианцоз ас еиԥш аинвалидцәа рзы аҭыԥ ахьеиҿкаау ргәы ишаахәаз атәы рҳәеит, ҽазны ишаауа атәы азгәарҭеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Коӷониа.   

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0